Актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп

© Foto / Сергей КарелинАбхазская государственная филармония
Абхазская государственная филармония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" аконцертқәа Аԥсны ақалақьқәа хԥа – Гәдоуҭа, Пицунда, Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" абҵара 11-14 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥснытәи афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениаԥҳа.

Сира Аҩӡԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡԥҳа: ахәыҷы жәлар рмузыка агәыбылра аник, ҩнуҵҟала дарбеиуеит

"Ҳара акраамҭа афестиваль аус адааулон, акырынтә иара амҩаԥгаразы азыҳәа наҳашьҭхьан аха аҳәынҭқарра ацхырааразы алшара амамызт. Сынтәа уи аҩыза алшара ҟалеит", - лҳәеит лара.

Асеиԥш иҟоу афестиваль аиҿкаара ахәҭаны иҟоуп избанзар ареспубликаҿы ахортә ҟазара акыр ишьҭаханы иҟоуп ҳәа лҳәеит Џьениаԥҳа.

"Ари ажанр ала афестивальқәа хымԥада имҩаԥгалатәуп. Иахьазы итрадициатәу аԥсуа шәаҳәара азхьаԥшра маҷхеит. Ааигәаӡа акәын аишәачарақәа рҟны ауаа неидгыланы ашәа анеицырҳәоз. Уажәы ус иҟам", - лҳәоит Есма Џьениаԥҳа.

Аамҭа цацыԥхьаӡа аестрадатә ашәа амилаҭ ашәа иаԥнаго иалагеит ҳәа азгәалҭеит лара.

"Уажәы зегьы ирҭаху хаҭала ашәаҳәароуп, ансамбль аҿы ашәаҳәара аҳаҭыр каҳаит. Ҳара иҳаӡбеит уи аҳаҭыр ашьҭыхразы абасеиԥш ала ахортә шәаҳәара аларҵәара", - лҳәеит Џьениаԥҳа.

Афестиваль "Шьардаамҭа" иалахәхоит Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла, Уралтәи акамертә хор, Москватәи акансерваториа акамертә хор.

Актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" аконцертқәа Аԥсны ақалақьқәа хԥа – Гәдоуҭа, Пицунда, Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп.

Роза Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Чамагәуаԥҳа: Оҭар Хәынҵариа жәлар рмузыка аиқәырхара хьаас иман

"Ҳара иаҳҭахуп ахортә нагӡара Аҟәеиԥш егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы ираҳарц. Актәи аконцерт мҩаԥгахоит абҵара 11 асааҭ 14:30 рзы Гәдоуҭа. Уа иқәгылоит Уралтәи акамертә хор. Абҵара 12 асааҭ 17:00 рзы Пицунда имҩаԥгахоит Уралтәи акамертә хори Москватәи акансерваториа акамертә хори реицықәгылара. Абҵара 13 асааҭ 18:00 рзы имҩаԥгахоит Гала-концерт Аҳәынҭфилармониаҿы", - еиҭалҳәоит Џьениаԥҳа.

Абҵара 14 рзы имҩаԥгахоит Александр Соловьев имастер-класс. Џьениаԥҳа лгәы иаланы илҳәоит иахьа аԥснытәи ашколқәа рҿы ахортә коллективқәа ыҟам ҳәа.

"Сара схәыҷраамҭазы ашколтә хорқәа ыҟан, имҩаԥыргон ареспубликатә олимпиадақәа. Иахьа ус иҟам. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа аиҭакразы", - лҳәоит лара.

Гәдоуҭеи Пицундеи аконцертқәа хәыда-ԥсада рбара алшоит. Аҟәа имҩаԥысуа аконцерт аҩналараз 100 мааҭк шәатәуп.

Актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамҭа" аконцертқәа Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа имҩаԥнагоит, Акультура аминистрра ацхыраарала.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны – афестиваль информацитә партниорны иазыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0