Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь агәаҭара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь агәаҭара мҩаԥигеит
Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь агәаҭара мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа ари амчыбжь азы ақалақь далсны агәаҭарақәа мҩаԥигеит. Даҭааит аџьармыкьа хадагьы. Ара иара адҵа ҟаиҵеит амҩаҟны закәаншьаҭада иргылоу амшьамбатә қьалақәа ықәыргарц, азин ылгамкәа икнарҳаз аӡыргаратә баннерқәа кыдырхырц.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аџьармыкьа акәша-мыкәша ауаажәларратә транспорт аԥырхага азҭо автомашьынақәа ргыларҭа еиҿкаазарц.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Кан Кәарҷиа ақалақь аӷәаҭара ахԥатәи амш хациркит Аҩнусбарҭа №3 аҭаарала. Аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Матуеи иареи реицәажәараан Кәарҷиа аҳәара ҟаиҵеит иҟоу апроблемақәа рзы адырра ииҭарц.

Убри аан иара иазгәеиҭеит ауааԥсыра ишдырдыртәу дара рхаҭақәагьы ацқьареи аиҿкаареи иадгылар шахәҭоу.

"Ҳара шҭацыԥхьаӡа иԥссо ҳзахысуам. Ақалақьуаагьы ацқьара шхымԥадатәиу рдыруазароуп. Абри аганахьала ҳара-ҳара ҳаицхыраароуп. Ауаа шәрацәажәа. Ари имариам усуп, аха сгәы иаанагоит ҳаилибакаап ҳәа", - иҳәеит Кан Кәарҷиа.

Иара иазгәеиҭеит араион аҿы инхои аҩнусбарҭеи еицхырааны арыцқьаратә мшқәа еиҿыркаалар ахәҭоуп ҳәа.

Асҭамыр Матуа дырзааҭгылеит дызхагылоу Аҩнусбарҭа №3 аҟны раԥхьа иргыланы иӡбатәу апроблемақәа.

"Џьонуеи Арӡынбеи рымҩақәа реихысырҭаҿы аҭагылазаашьа акыр иуашәшәыроуп. Амашьынақәа рныҟәара, аиҳаракгьы ашьыжь иуадаҩуп. Иара убасгьы амҩатә ҭагылазаашьа бааԥсуп Имам Шамиль имҩеи Аиааира амҩадуи реихысырҭаҿы", - ҳәа азгәеиҭеит Матуа.

© Sputnik / Томас ТхайцукИнспекция в Сухуме
Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь агәаҭара мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Инспекция в Сухуме

Уи адагьы иара иҳәеит ахштә зауад ахь уназго амҩа акыр ишыбааԥсу. "Амшқәа цәгьахацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа иуадаҩхоит уа аныҟәара", - иҳәеит Матуа.

Кан Кәарҷиа аҟазауаа рнапы ианиҵеит ԥхьаҟазы арҭ амҩақәа рҟны аусурақәа рымҩаԥгаразы иазгәарҭарц.

"Алшара ҳаур, ҳаԥхьаҟа Титов имҩагьы еиҭашьақәыргылатәуп. Алашарбага араион ахь ма Араион ҿыц ахь ицо уи амҩала имҩаслар аџьармыкьа араион еиҳа ахы иақәиҭхон", - иҳәеит Кан Кәарҷиа.

Асҭамыр Матуа дрылацәажәеит аремонт зҭаху аҩнқәа. Урҭ руак, Адлеиба имҩ. 232-тәи аҩны аӡы аҵоуп. Уи зыхҟьаз аӡыҭгага ахьажәыз ауп. Ахада инапынҵақәа назыгӡо иҳәеит апроблемақәа зегьы аамҭа-аамҭала рҭыԥ ишықәҵахо.

Аҩнусбарҭа  №3 аҟынтәи Кан Кәарҷиа ааигәа-сигәа игылоу аҩнеихагылақәа рышҭақәа рбаразы днеит. Иара убра ааигәа, Агәмаа имҩа №1 аҿы агәаракәырша аужәра шахиааз ибеит. Асҭамыр Матуа иҳәеит ари аҭыԥ аҿы уаанӡа ауҭра шыҟаз. Ақалақь ахада ари аҩыза агәара ықәгатәуп иҳәеит.

"Ара ауаа шынхо дыруп, аха иахәҭоу ишахәҭоу иҟазароуп. Ашәҭ еиҭарҳааит, аҵлақәа, ачықьқәа еиҭарҳааит. Ари аҵакыра аӡәгьы иаҳҭом, аха  идрыцқьааит, ҳара излаҳалшо ала ҳрыцхраауеит", - иҳәеит иара.

Абри ашьҭахь Кан Кәарҷиа днеит Арӡынба имҩаҿы игылоу 148-тәи аҩнахьы. Ара ашҭаҿы еиқәыжьыз аргыларатә плитақәа рықәгаразы "Автонхамҩа ҷыда" адҵа аиҭеит.

Аҩнеихагылақәа руак аҭӡы иавадыргылаз аҿахыб аниба, асеиԥш аргыларақәа ралыршара шыҟамло иҳәеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукИнспекция в Сухуме
Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь агәаҭара мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Инспекция в Сухуме

Анаҩс Кәарҷиа имҩа хан ақалақь аџьармыкьа хадахьы. Раԥхьа иргыланы иара дазхьаԥшит аџьармыкьа акәша-мыкәша автомашьынақәа рныҟәара. Уаанӡа иара ари аус ӡбазарц адҵа ҟаиҵахьан.

"Уажәы ҳара иаабоит аныҟәара заҟа иманшәалахаз. Амашьынақәа рныҟәара еиҿкаатәуп. Ауаҩы иахьиҭаху амашьына нижьуа иҟамлароуп", - иҳәеит иара.

Кан Кәарҷиа аџьармыкьахь иаҵанамкуа атротуарқәа рҟны ахәаахәҭырҭақәа ангәеиҭа, ақалақь архитектор хада инапынҵақәа назыгӡо Светлана Шаменкова илҳәеит уи азы азин аӡәгьы ишыҟаимҵаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукИнспекция в Сухуме
Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь агәаҭара мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Инспекция в Сухуме

"Адәқьанқәа ҳзымхакәа амҩадуқәа ҳарнылеит. Ари ԥшӡоума? Сара ирацәаны атәылақәа сырҭаахьеит, аха уа аџьармыкьақәа рыкәша-мыкәша асеиԥш сымбац", - иҳәеит Кәарҷиа.

Кан Кәарҷиа агәыӷра ааирԥшит излагаз аиҭакрақәа рганахьала ауаа аилкаара аадырԥшып ҳәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукИнспекция в Сухуме
Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь агәаҭара мҩаԥигеит - Sputnik Аҧсны
Инспекция в Сухуме

Ахада инапынҵақәа назыгӡо иара убасгьы аӡыргаратә баннерқәа дрызхьаԥшит.

"Закәаншьаҭада икнаҳау зегьы кнаҳхуеит. Уаанӡа иарбаз аҭыԥқәа рҿы иҟалоит аӡыргаратә хархәагақәа рыкнаҳара, рықәыргылара", - иҳәеит иара.

Кан Кәарҷиа иара убас "Ақалақьтә ргылара" адҵа аиҭеит Алашарбага араион ахь ицо атранспорт аангыларҭа аремонт азузарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0