Апоети аиҭагаҩи рыбжьара: Денис Чачхалиа ишәҟә ҿыц ӡырган

© Foto / ) Аинар ЧитанааАпоети аиҭагаҩи рыбжьара: Денис Чачхалиа ишәҟә ҿыц ӡырган
Апоети аиҭагаҩи рыбжьара: Денис Чачхалиа ишәҟә ҿыц ӡырган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет-аиҭагаҩ Денис Чачхалиа ишәҟәы "Поэзия отражений" ианылеит аԥсуа, аурыс, ақырҭуа, алеимс иара убас литовтәи апоетцәа ражәеинраалақәа еиҭаганы. Аизга Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә премиахь иқәыргылахоит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгаз Чачхалиа ишәҟәы аӡыргара алагамҭазы, еизаз минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит зыдунеи зыԥсахыз апоет, апрозаик Гьаргь Гәыблиа.

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

Аиҭагақәа реизга ахҳәаа азыҟаҵо, уи автор Денис Чачхалиа иазгәеиҭеит хықәкы хадас ишимамыз аԥсуа поетцәа зегьы рҩымҭақәа реиҭагара. Иара иажәақәа рыла лассы-лассы иҟалалоит убасгьы, еихышәшәа-еиҵышәшәо иҩу, згәынкылара мариоу аԥсуа жәеинраала аурысшәахь аиҭагара анамуа. Чачхалиа еиҳа иқәҿиаз еиҭагамҭаны Геннади Аламиа ипоезиа шииԥхьаӡо азгәеиҭеит.

"Таиф Аџьба иҟны иуԥылаӡом зҳәара цәгьо ажәақәа, мамзаргьы ацәаҳәақәа, ишырҳәо еиԥш, џьара еишьклаҳауа ҟалашьа амам. Убри аҟнытә апоет иажәеинраалақәа реиҭагараан аҵакгьы, иара аформагьы рыҩбагьы реиқәырхара еиҳагьы иуадаҩуп. Таиф Аџьба сара бзиа избо поетуп, аха ирҿиамҭақәа акы-ҩба роуп еиҭазгахьоу", - иазгәеиҭеит Денис Чачхалиа.

Иара убас Чачхалиа дрылацәажәеит ажәеинраала аиҭагараан апоет иҿаԥхьа ицәырҵуа ауадаҩрақәа, урҭ хаҭала иара дшыриааиуа, цхыраагӡас ихы иаирхәо уҳәа. Иара иазгәеиҭеит ажәеинраала бзиа ашәа алҵыртә иҩызарц шахәҭоу, аха ҳаамҭазтәи авторцәа лассы-лассы уи аҟны ахьысҳара шырныԥшуа.

"Аиҭагаҩ хымԥада ихаҭа дпоетзар ауп, убасҟан ауп қәнагала аиҭагара анилшо. Ажәеинраала анызыҩлак, иаразнак агитараҟны иасырҳәоит. Уи сара иснарбоит сцәаҳәақәа ахьынӡасзеиҿкааз", - иҳәеит апоет-аиҭагаҩ.

Апоет Гәында Сақаниаԥҳа лцәажәараҿы иазгәалҭеит абызшәатә политиказы аилак Денис Чачхалиа иеиҭагамҭақәа реизга "Поэзия отражений" Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа аиуразы ишықәнаргылаз.

Денис Чачхалиа. - Sputnik Аҧсны
"Поэзия отражений": Денис Чачхалиа ишәҟәы ААУ аҿы иӡырыргоит

"Кырӡа аҵанакуеит апоет ибла уҭаԥшны, ибжьы уаҳауа, ипоезиа амаӡақәа гәыкала иаартны иануцеиҩишо. Денис Чачхалиа иӡбахә бзианы издыруа астудентцәа рацәаҩны иҳамоуп, избан акәзар асахьаркыратә еиҭагара иазку алекциақәа рҟны еснагь ҳаззаҭгыло авторцәа дреиуоуп. Аԥсуа литератураҿы хаз шәҟәны иҭыжьу авторк иеиҭагамҭақәа реизга, шамахамзар иҟаӡам. Убри аҟнытә "Поэзия отражений" хәы змам шәҟәуп алитература абзиабаҩцәа рзыҳәа", - иазгәалҭеит Сақаниаԥҳа.

ААУ аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит Денис Чачхалиа иеиԥш еицеиԥшны ҩ-бызшәак рыла арҿиара зылшо шмаҷу. Иара убас дрылацәажәеит Чачхалиа аҭоурыхҭҵаараҿы имоу аихьӡарақәагьы.

"Ашәҟәыҩҩы ашәҟәҩыра ада даҽа уск даҿымкәа, уи адунеи мацара дагәылахаланы дыҟазар ҟалоит. Аха Денис Чачхалиа алитература инаваргыланы аҭоурыхҭҵаарагьы инапы алакуп, имилаҭ аҭоурых адунеиахь ицәыригоит. Ҳзышьцылахьо акәӡамкәа, даҽа хыҵхырҭақәак ԥшааны, убарҭ зегьы ажәлар ирбартә аҟаҵара ахьилиршо џьашьатәуп", - иазгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Апоет-аиҭагаҩ Денис Чачхалиа 1973 шықәсазы Горьки ихьӡ зху Алитературатә институт Лев Озеров исеминар асахьаркыратә еиҭагара аҟәша далгеит. Иҵара инаваргыланы рҵаҩыс иара диман аҟаза ду Фазиль Искандер, иара убас аамҭаказы Анаида Беставашвили.

Аизга "Поэзия отражений" ианылеит аԥсуа, аурыс, ақырҭуа, алитов, анемец поетцәа рырҿиамҭақәа реиҭагақәа, аԥсышәалеи урысшәалеи. Литовтәи ҳаамҭазтәи арҿиаҩцәа Чачхалиа еиҭеигеит цәаҳәа-цәаҳәалатәи аиҭагамҭақәа ихы иархәаны. Егьырҭ арҿиамҭақәа аоригинал аҟынтәи еиҭагоуп. Авторцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амилаҭтә литературақәа рыклассикцәа. Аизга ҭыҵит сынтәа, ақалақь Москва. Атираж – 500 цыра.

© Foto / ) Аинар ЧитанааАпоети аиҭагаҩи рыбжьара: Денис Чачхалиа ишәҟә ҿыц ӡырган
Апоети аиҭагаҩи рыбжьара: Денис Чачхалиа ишәҟә ҿыц ӡырган - Sputnik Аҧсны
Апоети аиҭагаҩи рыбжьара: Денис Чачхалиа ишәҟә ҿыц ӡырган
Ажәабжьқәа зегьы
0