Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа ралагалара иақәшаҳаҭуп

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳәынҭқарратә Дума Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа ралагалара иақәшаҳаҭуп
Аҳәынҭқарратә Дума Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа ралагалара иақәшаҳаҭуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы ахәаахәҭра арежим азы Урыстәылеи Аԥсныи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа ырмариоуп.

АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ аратификациа азыруит Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра аԥсахра алагаларазы аԥкаанҵа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аԥкаанҵа иазыԥхьагәанаҭоит анефтаалыҵқәа раагараан аҳазалхратә декларациа аамҭала аԥыхра", - аҳәоит адокумент аилыркааратә цҵа.

Аԥҟара ҿыцқәа рыла абылтәы, адизельтә былтәы, анефт Урыстәылантәи Аԥсныҟа ралагалара алшоит аҳазалхратә декларациа аамҭала аԥыхра. Убри аан адекларациа ззынашьҭыз, аха уи ала атауар алагаламыз аԥырххоит.

Адырранҵа цҵа инақәыршәаны Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара 2012 шықәса лаҵара 28 рзы атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы аиқәшаҳаҭра аԥсахра алагаларазы аԥкаанҵа анапы аҵарҩит Санкт-Петербург, 2019 шықәса рашәара 7 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рҿы абылтәы ахархәашьазы агәаҭарақәа мҩаԥысуеит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0