Афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп абҵара 25 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукДом Фазиля Искандера
Дом Фазиля Искандера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
V Жәларбжьаратәи афестиваль Ауаҩы игыларҭа" Аԥсны имҩаԥыргоит есышықәса. Сынтәа иара азкуп ашәҟәыҩҩы, апублицист Фазиль Искандер 90-шықәса ихыҵра.

АҞӘА, абҵара 15– Sputnik, Бадри Есиава. V Жәларбжьаратәи афестиваль Ауаҩы игыларҭа" ашәҟәыҩҩы, апублициста Фазиль Искандер 90-шықәса ихыҵра иазку мҩаԥгахоит Аҟәа абҵара 25 рзы. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"V Жәларбжьаратәи афестиваль Ауаҩы игыларҭа" ашәҟәыҩҩы, апублициста Фазиль Искандер 90-шықәса ихыҵра иазкхоит. Сынтәа афестиваль акураторцәа – Фазиль Абдул-иԥа иҭаацәа ирыӡбеит афестиваль ацәыргақәҵа-ретроспектива ала ихацыркхарц. Абҵара 25 рзы имҩаԥгахоит ацәыргақәҵа (акураторцәа: Шьазина Агрԥҳа, Алексеи Шервашиӡе)", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ирацәоуп раԥхьаӡа акәны ицәыргахо аматериалқәа.

Абҵара 25 рзы РУСДРАМ Ибрагим Чкадуа ифильм "Один день или Фазиль Искандер" ахԥатәи ахәҭа аԥхьарбара. Абҵара 26 рзы Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩнаҿы имҩаԥгахоит асахьаҭыхратә еиндаҭлара "Грушевый компот".

"Даара ҳгәыӷуеит 2020 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу VI афестиваль аан арежиссер Аслан Голазов ифильм дҳарбап ҳәа", - лҳәоит аминистр.

Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩы-шықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0