Ҭома Логəуа: Фазиль Искандер ибзоураны Чагьам ахьӡ адунеи иалаҵəеит

© Foto / Из личного архива Џьгьарда ақыҭа инхо Ҭома Логəуа
Џьгьарда ақыҭа инхо Ҭома Логəуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихəыҷра ашықəсқəа ахьихигоз, Чагьам инхоз ианшьцəа Мшьелиаа дшырҭаауаз ргəаладыршəоит Џьгьарда ақыҭа инхо иара хаҭала дыздыруаз, насгьы изгəакьаз ауаа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

"Ахьӡ-Аҧша" аорден актəи аҩаӡара занашьоу, заҧҵамҭакəа рыла адунеи зыхьӡ алаҵəахьоу ашəҟəыҩҩы Фазиль Абдул-иҧа Искандер диит ааҧынра раҧхьатəи амшқəа руак азы. Алитературатə институт аушьҭымҭа ажəеинраалақəа инапы иҵихуа далагеит истуденттə шықəсқəа инадыркны, анаҩс диасуеит апроза ашҟа. Иара иҩымҭақəа еихыршəшəа иаҧхьартə еиҧш алшара рымоуп европатəи абызшəақəа зегьы рыла, икалам иабзоураны Аҧсынтəыла ахьӡ адунеи иалаҵəартə еиҧш иҟалеит.

Фазиль Искандер, 1980-ш.  - Sputnik Аҧсны
Чагьамтәи алыԥшаахқәа

Фазиль Абдул-Иҧа Искандер диит Аҟəа ақалақь, 1929 шықəса рзы. Иабду Ибрагим Иран хылҵшьҭран. Иҧеиҳаб Абдул аҭыҧантəи аҧсуа ҭыҧҳа ҧҳəысс дигеит. Ашəҟəыҩҩы иан Лелиа Ҳасан-иҧҳа Мшьелиаҧҳан, Чагьам дынхон. Уаатəи ауаа рыҧсҭазаашьа, рыҧшӡара шьахəла ианыҧшуеит иара иажəабжь "Чагьамтəи Сандро" аҿы. Фазиль жəшықəса шихыҵуаз абыда дынхеит, иаб Иранҟа дахыргеит, уаҳагьы изеибамбеит. Заҧхьаҟа збаҩхатəрала адунеи зыршархараны иҟаз ашəҟəыҩҩы драаӡеит иан лыуацəа. Урҭқəа ртəы ҳзеиҭеиҳəоит Џьгьарда ақыҭа инхо, Фазиль Искандер иҭаацəа рҭоурых здыруа, Ҭома Логəуа.

"Фазиль Искандер ду Џьгьарда дхəыҷаахыс дадҳəалан, бзиа ибон. Ианшьцəа Мшьелиаа, ишыжəдыруа еиҧш, Чагьам инхон. Сара иан лыҧсы анҭаз ибзианы сылхаануп. Лашьцəа рҿы даалон, Қьаазыми Михеи ҳəа иҟан Мшьелиаа. Қьаазым, Фазиль ианшьа гəакьа иакəын. Хабыгə ҳəа иҩымҭақəа рҿы лассы-лассы зыӡбахə иҳəало, иан лаҳəшьа лхаҵа иакəын, д-Агрбан. Урҭ ашкол ахьыҟоу азааигəара инхон. Егьырҭ Мшьелиаа Чагьам инхон", - аҭоурых дазааҭгылоит Ҭома Логəуа.

Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра азгәаҭахоит иара ида

Ҭома Логəуа, иара убас игəалаиршəоит Фазиль Искандер ианшьцəа акырӡа бзиа ишибоз, лассы-лассы урҭ рахь сасра дшаалоз, ихəыҷра ашықəсқəа раҕьырак Чагьам ишихигоз.

"Фазиль иан даара дыҧҳəыс ҟəыҕан, ақыҭаҿы акыр пату лықəын. Иаб хылҵшьҭрала џьамын, даара дхəаахəҭҩы дуун, амал иман, убри азоуп Мшьелиаа раҳəшьа дзигаз. Фазиль иан лаҳəшьа руаӡəк, Аҭара, Кəыҵниаа дрыман, еснагь иҳəалон Кəыҵниааи иареи шеишьцəаз. Егьи иан лаҳəшьеиҵбы Меқьсуд Шьоуа диман. Қьаазым иакəзар, Ашəы Шəарах димаҳəын. Маница ҳəа зыӡбахə иҳəо иҩымҭақəа рҿы Шəарах иҧҳа лакəын", - ҳəа азгəеиҭоит Логəуа.

Фазиль Искандер ибаҟа аадыртит - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер ибаҟа аадыртит

Ароман "Чагьамтəи Сандро" акəзар, ашəҟəыҩҩы акыр шықəса аџьабаа адибалон, иновеллақəа рцикл еиднакылоит, ҵакыла еиуеиҧшымзаргьы иӡыриго ахадаратə фырхаҵа аӡəуп. Фазиль ифырхыҵа ихьӡ Сандро, Аҧсны ирацəаҩуп изыхьӡу. Убас еиҧш, Џьгьарда ақыҭангьы ари ахьӡ кадмыршəразы, ииуа ахəыҷқəа ирыхьӡырҵоит. Ишырҳəо еиҧш, ахьӡ иамоу аҵакы рацəоуп, еиҳаракгьы иныҟəызго уи ахьӡ данаҧсаха, ишахəҭоу еиҧш ианныҟəига.

Џьгьарда ақыҭа бзиа избоз, Чагьам ҧшӡа иазышəаҳəоз Фазиль Искандер, ақыҭауаа гəыблыла изыҟан, акырӡа изгəыдуун, иҩымҭақəа бзиа ибаны ирыҧхьоит. Фазиль Искандер иқыҭа гəакьеиҧш даҭаауан ихəыҷра ашықəсқəа зыдҳəалаз Џьгьарда ақыҭа. Џьгьардаагьы рҵеи лаша иакəны дрыҧхьаӡон, изгəыдуун. Ианшьцəа Мшьелиаа ракəзар, жəла дуун, ирацəаҩын.

"Фазиль Искандер иҩымҭақəа зегьы хатəроуп, сызмыҧхьац акы ыҟоуп ҳəа сыҟам. Зегь реиҳа исгəаҧхоит, доуҳалагьы иаҳзааигəоуп ҳəа сахəаҧшуеит Шьаабан изы ииҩуа, "Анапыхьараџь". Сара сгəанала, Чагьамтəи аҧсҭазаара даара ибзианы иааирҧшуеит убра. Иара убас, "Ҷык иҳəыҷра" захьӡу иновелла аҿы, зхаҿсахьа ҭихуа, дызҿыҧшуа Ҷыка Абыхəба иоуп, иара ихаан дхəыҷын, аха доуҳала дыҕəҕəан", - иҳəоит Ҭома Логəуа.

Џьгьарда ақыҭа инхоз Лиусиа Меқьсуд-иҧҳа Шьоуа, Џьгьардатəи абжьаратə школ аҿы 40 шықəса инареиҳаны аус лухьеит, сара сазгəыдуны исҳəоит раҧхьатəи сырҵаҩ шлакəу. Хымҧада, ибзианы исгəалашəоит лара лассы-лассы Фазиль Абдул-иҧа иӡбахə анаҳзеиҭалҳəалоз.

"Фазиль, ҩныҟа ҳара ҳахь даалон, ҳара ҳҿы даагылалон, нас Чагьамҟа амҩа дықəлон. Иара ианшьцəа рҟноуп дахьааӡазгьы. Сара сан Кашьа Мшьелиаҧҳан, Фазиль иангьы сара сангьы аб иашьа иҧҳацəа ракəын. Фазиль ҳара ҳахь данаалоз сара схəыҷын, жəабаҟа шықəса ракəын исхыҵуаз. Даара иҟазшьа бзиан, ауаа бзиа ибон, иуацəа ҷыдала пату рықəиҵон. Сан лаҳəшьаҧа иакəымзи, лнапы ыргьежьны диҧылон", - ҳəа лгәалалыршәоит Лиусиа Меқьсуд-иҧҳа.

РУСДРАМ Фазиль Искандер ихьӡ ахҵоуп

Лиуса Шьоуа, аҧышəа ду змоу рҵаҩык лаҳасаб ала, илҭахуп аҿар ааӡара бзиа рымазарц, Фазиль Абдул-иҧа еиҧш рыҧсадгьыл азы ихьӡырҳəагақəаны иҟаларц.

Сара исгəалашəоит, 2012 шықəса, ҧхынгəымзазы, Фазиль Искандер иҧшəмаҧҳəыс Антонина Хлебниковеи, иҧа Сандреи Аҧсуа телерадиоеилхəыраҿы ианыҟаз. Усҟан Фазиль Абдул-иҧа аҧсышəала аинтервиу сиҭеит, изызкызгьы ҳџьынџьуа ртема акəын. Ҳашьцəа рҭоуыхтə ҧсадгьыл ахь рырхынҳəра аҵакы дазааҭгылауа иазгəеиҭеит: "Сара сеиҧш ҳауаажəлар зегьы ирҭахуп аҳəаанырцə инхо ҳашьцəа рыҧсадгьыл иазыхынҳəыр. Аха, уи аҟаҵара ус имариам. Дара ирҭаххароуп зегь раҧхьа иргыланы, иҟоуп иаақəазгьы, аха имаҷуп. Иаар даара ибзиан, дара рзгьы, Аҧсназгьы ицəгьамызт. Сыбжьы раҳауазар абас расҳəоит: "Ҳашьцəа шəгəы шəырҕəҕəа, аҕьараҳəа шəыҟаз, арахь шəзаауазар даара иҭабуп ҳəа шəаҳҳəоит, ҳашəзыҧшуп!", - иҳəоит ашəҟəыҩҩи сареи ҳаиҿцəажəараҿы.

Фазиль Абдул-иҧа Искандер Чагьам данаҭаауаз, уаа рацəала иҭəын. Иахьа рыцҳарас иҟоу, уи ақыҭа ҭацəуп.

"Уажəы Џьгьардеи Чагьами акоуп, аха усҟан хаз-хазы иҟан, аусҳəарҭақəагьы хаз-хазын. Усҟантəи аамҭазы, сара сызхаану схəыҷра ашықəсқəа рзы, Чагьам инхоз 70 ҭӡы инареиҳан. Иахьа аӡəызаҵəыкгьы дынхагəышьом. Ашкол ыҟан, аакласск змаз, аколнхар аус ауан ҩба-хҧа бригада еидызкылоз, ақыҭа аҧсы ҭан, аҧсуареи абарақьаҭреи аҳра ахьыруаз", - игəалаиршəон Ҭома Логəуа.

Фазиль Искандер ииубилеи азгәарҭараны иҟоуп Санкт-Петербург

Фазиль Искандер ибзоураны, ҿыҕəҕəала иаҳҳəарц ҳалшоит Чагьам аҧсы ҭоуп иахьа уажəраанӡагьы ҳəа. Иара иҩымҭақəа еицакра шрықəым еиҧш, еицакра ақəым Чагьам, хашҭра рықəым уа инхоз, ашəҟəыҩҩы дыззышəаҳəоз иуаажəлар.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0