Урыстәылатәи аҳақьымцәа Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа гәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница
Республиканская больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит.

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Шәачатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа №4 аҳақьымцәа – анеирохирург Олег Мазманови ареанимациа аҟәша аиҳабы Валери Шустови Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа агәаҭаразы Аԥсныҟа иааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзура.

"Анеирохирург Олег Мазманови ареанимациа аҟәша аиҳабы Валери Шустови Аԥснытәи рколлегацәеи Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа гәарҭеит, иалацәажәеит ԥхьаҟатәи лыхәышәәтра амҩаԥгашьа азҵаарақәа", - аҳәоит Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Аҟәа ахысрақәа раан ахәра зауз Доминика Ақырҭааԥҳа аоперациа лзыҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ахысрақәа раан ахәра зауз Доминика Ақырҭааԥҳа аоперациа лзыҟарҵеит

Апресс-маҵзура адыррала урыстәылатәи аҳақьымцәа аԥснытәи рколлегацәа русқәа амҩаԥысшьа иақәшаҳаҭхеит.

"Ахәышәтәра амҩаԥысшьа ҳадгылоит. Иарбанызаалак зҵаарак ҳамам. Иахьазы иахәҭаны иҟоу зегь ҟаҵоуп. Ус шакәугьы лҭагылазаашьа еиҭашәара амам. Лара џьара дузго дыҟаӡам", - иҳәеит Мазманов.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы.

Иара убас Ареспубликатә хәышәырҭа хадахьы днаган ишьаргәацәқәа рыҩбагьы ахәра рацәа змаз Русҭам Шамба, 1977 шықәсазы ииз, аҩбатәи ахәышәтәырҭахь днаган Шамиль Аҩӡба, 1997 шықәсазы ииз. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылам.

Аоперативтә ԥшаарақәа ирылҵшәаны ахәаша, асааҭ 16:00 рзы ацәгьоуцәа равтомашьына "Toyota Mark-2" былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы. Уи иҭан "Калашников" иавтоматқәа ԥшьба.

Абҵара 23, асабша, Аҟәатәи апрокуратура Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа жәпакы инарықәыршәаны ихацнаркит ҩыџьа ауааи инареиҳани рышьразы ашьаусҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0