Аҟәа аиҿахысраан ирхәыз Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа макьана ибааԥсуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАреспубликатә хәышәтәырҭа хада
Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҟны аус зуа ахәыҭаҩ лхы ахәра аиуит абҵара 22 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз аиҿахысра аан, уи ахәышәтәырҭаҟны дышьҭоуп, акома дҭагылоуп.

АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа макьана ибааԥсуп ҳәа Sputnik аокрреспондент изаарыҵхаит Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада адкыларҭаҟынтәи.

"Доминика Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа аҽамԥсахыцт, даара ибааԥсуп", - рҳәеит ахәышәтәырҭаҟны.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Аԥсны ААР аусзуҩцәа ацәгьоуцәа рынкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау

Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы.

Иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы днаган ишьаргәацәқәа рыҩбагьы ахәра рацәа змаз Русҭам Шамба, 1977 шықәсазы ииз, аҩбатәи ахәышәтәырҭахь днаган Шамиль Аҩӡба, 1997 шықәсазы ииз. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылам.

Аоперативтә ԥшаарақәа ирылҵшәаны ахәаша, асааҭ 16:00 рзы ацәгьоуцәа равтомашьына "Toyota Mark-2" былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы. Уи иҭан "Калашников" иавтоматқәа ԥшьба.

Абҵара 23, асабша, Аҟәатәи апрокуратура Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа жәпакы инарықәыршәаны ихацнаркит ҩыџьа ауаа рышьразы ашьаусҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0