Краснодартәи атәылаҿацә акоманда аиааит Бзыԥ аӡиас аҿы аԥсыӡкратә турнир аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукКраснодартәи атәылаҿацә акоманда аиааит Бзыԥ аӡиас аҿы аԥсыӡкратә турнир аҿы
Краснодартәи атәылаҿацә акоманда аиааит Бзыԥ аӡиас аҿы аԥсыӡкратә турнир аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсыӡкразы Ҟарачы-Черқьесиа ахраҿа мҩаԥысуан аӡиас Бзыԥ аҟны ԥхынҷкәын 6 - 8 рзы. Уи шымҩаԥысыз шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҟны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. Аӡиас Бзыԥ аҟны аԥсыӡкразы Ҟарачы-Черқьесиа ахраҿа агаразы атурнир аҿы актәи аҭыԥ ааннаклеит Краснодартәи атәылаҿацә (астаница Новопокровск – аред.) иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны аԥсыӡкратәи ашәарыцаратәи спорт азы Афедерациа ахада Альберт Бондаренко.

Альберт Бондаренко - Sputnik Аҧсны
Альберт Бондаренко Ҟарачы-Черқьесиа атурнир аҿы аиааира игеит

Краснодартәи атәылаҿацә акоманда Урыстәыла иачемпионуп.

"Мызкы аԥхьа акоманда аспорттә ԥсыӡкразы Урыстәыла Ахраҿаҟны аиааира агеит. Аҩбатәи аҭыԥ агеит Аҟәатәи акоманда, акапитан Руслан Сабуа", - иҳәеит иара.

Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Санкт-Петербург акоманда.

"Аԥхынразы аасҭа аԥсыӡ акра еиҳа иуадаҩын, аӡы аԥхарра 8 градуск акәын иҟаӡаз", - иҳәеит Бондаренко.

Ахатәы зшьаҿы актәи аҭыԥ игеит Роман Алборов – Аахыҵ Уаԥстәыла ахаҭарнак, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Филипп Тер-Симониан – Новопокровск акоманда ахаҭарнак, ахԥатәи аҭыԥ игеит Константин Землиански – москватәи акоманда ахаҭарнак.

"Аԥсны аицлабрақәа ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысит. Ари Аԥсны имҩаԥысуа раԥхьатәи урыстәылатәи уснагӡатәуп. Ҽааназы иазгәаҭоуп ԥшь-уснагӡатәык. Руак, Аԥсны ахраҿа, хәажәкырамзазы имҩаԥгахоит", - иҳәеит Альберт Бондаренко.

Ҟарачы-Черқьесск Ахраҿа агаразы атурнир иалахәын 52 спортсмен.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0