Аԥсны иеизгоу акоманда аԥсыӡкразы аҩнытәи ачемпионат аҟны актәи аҭыԥ аннакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иеизгоу акоманда аԥсыӡкразы
Аԥсны иеизгоу акоманда аԥсыӡкразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 16-18 рзы Ҩыԥсара аӡиас аҟны имҩаԥысит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, ДЖәР, Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рҟынтәи 20 команда инареиҳаны излахәыз Аспиннинг ала аԥсыӡкразы Аԥсны иаарту ачемпионат.

АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik. Аԥсны иеизгоу акоманда аԥсыӡкразы аҩнытәи ачемпионат аҟны актәи аҭыԥ ааннакылеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсыӡкратәи ашәарыцаратәи спорт Афедерациа ахада Альберт Бондаренко.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Санкт-Петербург акоманда, ахԥатәи - Краснодартәи атәылаҿацә иеизгоу акоманда.

Амиран Какалия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какалиа: ҳәынҭқарраны ҳаныҟала - аԥсыӡкра иадҳәалоу анормақәа наҳагӡароуп

Хаҭалатәи азшьараҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Санкт-Петербургынтәи иааз Александр Воробиов, аҩбатәи аҭыԥ - Аԥснытәи Альберт Бондаренко, ахԥатәи - Виачеслав Теренков Краснодартәи атәылаҿацә аҟнытәи.

Аспиннинг ала аԥсыӡкразы иаарту ачемпионат мҩаԥысит нанҳәа 16-18 рзы Ҩыԥсара аӡиас аҟны. Уи иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, ДЖәР, Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рҟынтәи 20 команда инареиҳаны.

"Ачемпионат бзианы имҩаԥысит, аиакәым ҳәа акгьы ҟамлеит. Аԥсыӡ бзианы иааиуан. Амшгьы бзиан. Ачемпионат иалахәыз зегьы агәахәа роуит ачемпионат шымҩаԥысыз азгьы, аԥсыӡ шааиуаз азгьы. Урҭ еиҿдырԥшуеит адунеи ачемпионатқәеи ҳара ҳтурнирқәеи рымҩаԥысшьа. Арахь иаҳзаауеит адунеии Европеи рчемпионцәа", – азгәеиҭеит Бондаренко.

Аспиннинг ала аҟәараҟынтәи аԥсыӡкразы иаарту ачемпионат уажәшьҭа хәынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Атурнир азы ҷыдала Ҩыԥсара аӡиас иалаҵан 25 нызқь калмаҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0