Артур Анқәаб даанкылоуп Армен Григориан иӷьычра далаҟьашьуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАртур Анқәаб даанкылоуп Армен Григориан иӷьычра далаҟьашьуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны
Артур Анқәаб даанкылоуп Армен Григориан иӷьычра далаҟьашьуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Армен Григориан абҵара 24 рзы аԥсыжырҭа "Лечкоп" араион аҿы идырым џьоукы дырӷьычит. Иара дрыԥшааит ԥхынҷкәын 1 азы Гәдоуҭа араион аҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ԥхынҷкәын 9 рзы имҩаԥнагаз аилатәараҿ аӡбара аднакылеит Артур Анқәаб ҩымз ҳәа ҿҳәарас иҭаны даанкылазарц. Иаанкылара ҵаҵӷәыс иазыҟоуп Артур Григориан иӷьычра. Абри атәы ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

Ахарадҵаратә ган азыҳәа ҟанаҵеит Анқәаб ҩымз ҳәа ҿҳәарас иҭаҵаны даанкылазарц, избанзар ашаҳаҭцәеи аусӡбара алахәылацәеи анырра риҭар алшоит ма дыбналар ҟалоит ҳәа иӡбаны.

Анқәаб идукат уи дақәшаҳаҭымхеит. Иара аҳәара ҟаиҵеит иихьчо ахаҿы аҩнытә рбаандаҩра идгалазарц. Иажәақәа ҵаҵӷәыс иаиҭеит Артур Анқәаб игәамбзиареи ихымхәареи. Аӡбаҩцәа арҭ амзызқәа азымхоны ирыԥхьаӡеит, аӡбарагь рыдыркылеит ажьырныҳәа 29,  2020 шықәсанӡа даанкылазарц.

Армен Григориан абҵара 24 рзы аԥсыжырҭа "Лечкоп" араион аҿы идырым џьоукы дырӷьычит. Иара дрыԥшааит ԥхынҷкәын 1 азы Гәдоуҭа араион аҿы. Артур Анқәаб дааныркылеит ԥхынҷкәын 6, 2019 шықәса рзы Армен Григориан иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.

Аԥсны ААР амашьына - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ирӷьычыз ахаҵа ихы дақәиҭтәуп

Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаусҭҵаара хацнаркит.

Артур Анқәаб 2019 шықәса рзы Аԥсны ахада иалхрақәа кандидатк иаҳасаб ала дрылахәын.

Актәи атур аан иара изы рыбжьы рҭиит 1,6% ауааԥсыра.

2017 шықәса рзы Анқәаб иԥшаара рылаҳәан 2016 шықәса нанҳәа 9 рзы иареи Анри Аргәыни ауаҩы дыхәны иахьыбналаз азы.

2018 шықәса рзы ҩышықәса иқәҵан. Иара убри ашықәс азы амнистиа даҵаркны ихы дақәиҭтәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0