Ауалқәа рыргьыжьреи, ажәлар реидкылареи: Артур Анқәаб иҿцәажәара

© Sputnik / Томас ТхайцукАртур Анкваб
Артур Анкваб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны арадио ихацнаркит апроект "Аԥсны аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рыҿцәажәара". Нанҳәа 8 рзы аефир аҟны дыҟан акандидат Артур Анқәаб.

-Артур Мирод-иԥа, шәара раԥхьаӡакәны иахьа шәаҳҭоуп, ҳусура шԥажәбо?

- Сгәы иахәеит исбаз, даараӡа иугәаԥхаратәы иҟоуп шәусура шышьақәгыло, аусзуҩцәа раԥсшәаҳәашьагьы угәы иахәартә иҟоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Артур Анқәаб иҿцәажәара

- Ҳалагап шәыпрограмма ала. Иарбан хәҭақәоу, иарбан хырхарҭақәоу шәара шәыпрограммаҿы иалышәкаауа, ихадоу?

- Исывагылоу, сеиԥш ихәыцуа сҩызцәа сықәлацәа, иахьатәи амш азы акомпаниа иадҳәалоу ауаа иҳаԥхьаӡоит еиҳараӡак ҳарҭ ҳалаԥш иҵашәо, акоррупциа захьӡу, аҳәынҭқарра аԥара зџьыба иҭазҵаз ауаа, иалкааны аусбарҭақәа рыла игәаҭатәуп ҳәа. Иаҳдыруеит иахьатәи аамҭа аҟынӡа Урыстәыла шаҟа ҳзыҟанаҵахьо, шаҟа миллиард аԥара Аԥсны иаарышьҭхьо. Убри иаарышьҭхьо аԥара аҟынтәи даараӡа ирацәоуп ҳәа исыԥхьаӡоит ажәлар рҟынӡа имнеиз. Ҳарҭ еиҳараӡак абри азҵаара ҳазҿлымҳауп, убри ала ҳалагап ҳәа ҳгәы иҭоуп аҩнуҵҟатәи аполитика.

- Урыстәылатәи ацхыраара анышәҳәо, иарбан аамҭоу шәара ижәго? Ахы инаркны иахьа уажәраанӡа акәу, мамзаргьы џьара цыԥҵәахак алышәкаауа?

- Сара иалыскаауа аҵыхәтәантәи 7-8 шықәса ирыҵанакуа аамҭа ауп.

- Шәара шәгәаанагарала абри аамҭазы еиҳа ирацәан акоррупциа?

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

- Усҵәҟьа сызҳәом, еиҳа ирацәан ҳәа акәӡам сара сажәақәа ирыҵанакуа. Аха уаанӡа иҟақәаз зегьы ирызку аматериал шьҭыхны аҭҵаара ҳалымшар ҟалоит, убри азоуп ари аамҭа еиҳарак изалыскаауа.

- Акоррупциа анаҳҳәа, аҵыхәтәантәи аамҭазы, ахадарахьы иқәгылоу акандидатцәа руаӡәы  ООН 20-тәи ахәҭаҷ адкыларазы аинициативатә гәыԥ дахагылоуп. Абри аконвенциа адкылара шәара шәышԥазыҟоу?

- Сара излаздыруа ала ари аус еиҿызкаауа, иахагылоу Асҭамыр Какалиа иоуп. Ҳарҭ изныкымкәа ҳаиқәшәахьеит, ҳаицәажәахьеит, убри азҵаараҿы даараӡа сиқәшаҳаҭуп.

- Машәыршақә иҟамлазар акәхап,  Аԥсны аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоу акандидатцәа шәыԥшьҩыкгьы Очамчыра ақалақь аҟны шәеицны аиԥылара ахьымҩаԥыжәгаз. Уи иаанагома шәуаӡәк аҩбатәи атурахь дцар егьырҭ хҩык адгылара ирҭоит ҳәа?

- Аиаша шәасҳәап, уи азҵаара ҳара ҳаламкьысӡац, еибаҳамҳәаӡац. Иахьатәи амш азы ҳагәгьы иҭам.

- Азин сышәҭозар, иахьатәи аҩныҵҟатәи ҳҭагылазаашьа ҳалацәажәар сҭахуп. Иахышәҳәаауеи ҳекономикатә ҭагылазаашьа? Раԥхьаӡа инаргыланы, ауаа ргәалаҟара шԥажәбо? Иҽеим ҳәа шәҳәозар, иҟоузеи мҩас аҭагылазаашьа аиӷьтәразы?

- Аҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа сҳәар, ҳәарада имцхоит. Ажәлар ирзымдыруа аҳәара цәгьоуп, урҭ реиԥш аԥсҭазаара здыруада, изхызгода? Асоциалтә економика азҵаара акәыз, егьырҭ азҵаарақәа ракәыз, даараӡа ицәгьоуп ҳҭагылазаашьа. Еиҳараӡак сара сгәы иалоу, аԥсуа нхаҩы иԥсҭазаашьа ахьыцәгьахаз ауп. Ари апроблема аӡбарагьы ҳазҿлымҳауп. Уи адагьы, уаҵәтәи амш зтәу ҳәа иаҳаԥхьаӡо аҿаргьы, иубаратәы иҟоуп рыԥсҭазаашьа даараӡа ишыцәгьоу. Ауаҩы усурада данынхо – уи иахылҿиаауеит анаркоманиа, аӷьычра уҳәа. Абарҭ азҵаарақәа зегьы еидҳәалоуп, урҭ рыӡбара ҳҽазаҳкыргьы ҳҭахуп. Раԥхьатәи шьаҿақәас иҟаҳҵо Аԥсны жәлар иртәыз аԥарақәа рыргьежьра иадҳәалахоит. Сара иааҭкааны исҳәоит – акредитқәа згаз ауаа аԥара аҳәынҭқарра иаздыргьежьроуп. Убарҭ аԥарақәа раԥхьаӡагьы анхаҩы иқәыршәатәуп, аҿар ирыҭатәуп. Ҳара ҳекономика шьаҭас иамоу абизнес маҷи абжьаратә бизнеси роуп, убарҭ ршьапы рықәыргыларазы урҭ аԥарақәа хымԥадатәиуп.

Гәырам Ҳаџьымба  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаџьымба агәамбзиара змоу алхыҩцәа рзы: аҭаацәа заанаҵы адырра ҟарҵароуп

- Акредитқәа ртәы ҳҳәозар, ԥыҭкгьы дыргьежьхьеит… Аха иахьынӡахәҭоу изымхынҳәуеи акредитқәа, иҟаҵатәузеи уи азы? Азакәан иқәныҟәатәума, мамзаргьы ҳҳәынҭқарратә еиҿкаара ишазԥхьагәанаҭо еиԥш ақәымчра аҭаху?

- Еиҳараӡак уи аус зыӡбараны иҟоу аҳәынҭқарра ахада иоуп. Уи шьаҿак аныҟаиҵа ажәларгьы идгылоит ҳәа сгәы иаанагоит. Уи адагьы ҳара ҳсистема иалоу аструктурақәа зегьы иара ивагыланы, ииҳәо ҟарҵо, азакәан аус ауа аҟынӡа инагатәуп.

- Ажәлар реидкылара иазку даҽа темак ҳалацәажәар сҭахуп, шәара ателехәаԥшраҿгьы шәанықәгылозгьы уи азҵаара шәалацәажәеит. Адемократиа иазԥхьагәанаҭоит аимак, еиуеиԥшым агәаанагара. Ус анакәха, адемократиа ыҟазар – ажәларгьы еиҟәыҭхахоит. Избанзар аӡәы гәаанагарак имоуп, даҽаӡәы даҽа гәаанагарак имоуп. Изакәызеи ажәлар реидкылара?

- Ишәҳәаз хәыҷык сақәшаҳаҭым, избанзар адемократиа шьаҭас иамазароуп аҳәынҭқарра иқәынхо ауаҩы игәаанагара аҳәаразы азин иҭара. Аиаша ажәлар ирылаҵәо иҟаҵатәуп. 2004 шықәсазы Сергеҟ Уасил-иԥа Багаԥшь хадас даналырхуаз инаркны ҳара иаҳбеит алхрақәа рымшала ажәлар маҷк аилибамкаара шрыбжьалаз. Уи адагьы асоциалтә гәыԥқәа рыла рҽеиҩыршеит. Амал змоу иахьа рхыԥхьаӡара маҷуп, еиҳараӡак амал змам ҳакәхеит. Хыхь ҳазлацәажәоз ԥшьҩык акандидатцәа алхыҩцәа рҿаԥхьа ҳаиццәырҵрагьы ажәлар реидкылара уамак ишыуадаҩым ауаа дырбара акәын изызкыз. Ажәлар иахьа еилыркаартә иҟоуп аидгылара шаҭаху.

- Уеизгьы, иҟаҵатәузеи ҳаиҟәыҭханы ҳнымхарц азы, шәара шәгәаанагарала? Аиҟәыҭхара алхрақәа еснагь ирыцу акоуп. Маҷк саԥыҩланы исҳәозаргьы, ақалақь ахадарақәа ралхрақәа шәшырзыҟогьы еилыскаар сҭахуп…

-Ҳарҭ ҳкоманда иӡбаны иҳамоуп убарҭ азҵаарақәа рызнеишьа. Иарбанызаалак алхрақәа рҿы ажәа змоу ажәлар роуп, урҭ роуп иалызхыша ахадацәа. Ажәлар иалырхыз иоуп еиҳарак згәы былны ақалақь азы аума, ақыҭа азы аума аус зуа. Ажәлар иалырхыз иоуп аҳәынҭқарра ахада иаԥхьа дгыланы ажәлар идырҵо азҵаарақәа иаҳәара иацәымшәо.

Референдум о досрочных выборах президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи аетап: алхратә комиссиа аусурақәа ирыцнаҵоит

- Апроблемақәа имоуӡои ус аҳәара иацәымшәо?

- Апроблема иацәшәо уахь днеир ихәҭаӡам. Ишәо, иԥхашьо, мамзаргьы зхы иацәшәо уахь анеишьа имаӡам.

- Шәара Аџьынџьтәылатә еибашьра шәалахәын, 22 шықәса ракәын ишәхыҵуаз аибашьра ианалагаз.  Зны-зынла аветеранцәа рҟынтәи иҳаҳауеит «абри азоума ҳара ҳзеибашьыс» ҳәа ргәы ԥжәаны ианырҳәо…

- Аибашьраан зегьы ҳгәы иҭаз акы акәын – Аԥсынтәыла аиааира аго, аԥсуа жәлар аиааира ҳго, иаҳҭаху ишаҳҭаху еиԥш ҳҳәынҭқарра шьақәҳаргыло, убри акәын ҳара ҳгәы иҭаз. Иахьатәи архивтә материалқәа аартны ҳрыхәаԥшуазар, уа иануп аа-нызқьҩык ахымхәацәа рсиа. Уи адагьы архивтә материалқәа рҟны иубаратәы иҟоуп 27 нызқьҩык рҟынӡа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ишалахәыз. Убри даараӡа ҳгәы иалоуп, убри азҵаарагьы шьҭыхтәуп ҳәа са сгәы иаанагоит.

- Знык аибашьра аветеран ҳәа зыхьӡ рҳәаз ауаҩы, анаҩс уи ахьӡ имхра даараӡа иуадаҩхоит ҳәа сгәы иаанагоит…

- Сара ус сгәы иаанагаӡом. Хәымз-фымз рыла Гагра араион аибашьра иалахәыз ҳаидгыланы аус ду ҟаҳҵахьеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, ахәрақәа зауз рсиақәа ҳамоуп. Уи адагьы ақалақьқәеи ақыҭақәеи ҳрылсны агәаҭара ҳаҿуп. Ҳарҭ иҳалшозар, избан аҳәынҭқарра изалымшо?

- Шәара шәгәы ианбаҭашәки аҳәынҭқарра ахадарахьы шәкандидатура ақәыргылара?

- Уи сазхәыцуеижьҭеи хымз иреиҳауп. Аҩныҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа аҽамԥсахра анызба ауп скандидатура ықәсыргыларц анысыӡба. Сгәанала иҟаз апозициатә еидгыла иахьатәи амш аҟынӡа изымааиӡеит, аидгылара ҟамлаӡеит ҳәа сгәы иаанагоит. Урҭ амчрақәа хадара рызҭоз ҳәа ҳзықәгәыӷуаз ауаа ирзеиҿымкааит, мамзаргьы ргәы иаҭахымхеит. Даҽакала ҳахәаԥшуазар, анҭыҵтәи аполитикцәагьы иддырҟаҵазар ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Сҩызцәеи сареи иҟоу аҭагылазаашьа ԥсахтәуп ҳәа ҳаназхәыц, убасҟан ауп сара ари ашьаҿа аҟаҵара анысыӡба.

- Аҩны ишԥарыдыркылеи?

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Алхратә комиссиа хада аҳәаанырцә алхратә ҭыԥқәа хԥа аанартуеит

- Аиаша шәасҳәап, маҷк сара сыԥсҭазаара ашәарҭадара иацәшәеит. Аха сара уи агәхьаа сымаӡам, раԥьаӡа инаргыланы исҳәарц исҭаху аиаша ауп, ажәлар ираҳар сҭахуп сгәаанагара.

- Иҟоума аҳәынҭқарра, мамзаргьы аҳәынҭқар, шәара шәзыҳәа иҿырԥшыгоу?

- Аполитикцәа рҟынтәи сара далыскаауеит 19 ашәышықәсазы иҟаз анемец политик Бисмарк. Усҟан анемец ҳәынҭқарра еидкыланы иҟаӡамызт, аха ӷацәас ирымаз афранцызцәа рҿагыларазы иара илшеит ижәлар реидкылара, аиааирагьы агара.

- Афлот еиҿызкаазгьы Бисмарк иоуп. Ишаҳдыруа еиԥш ахәыҷқәа ахәмаргатә ӷбақәа рызшаны, амшын агәбылра диркын, иандуха даргьы уи рҽазыркит. Аҳәынҭқарратә еиҿкаара, шәара шәгәаанагарала еиҳа еиӷьу ҳаамҭазтәи акәу, мамзаргьы аҭоурых аҟынтәи?

- Ҿырԥштәыс иаасгар ҟалоит ҩба-хԥа ҳәынҭқарра. Ҳаамҭазтәиқәа рҟынтәи еиҳараӡак сара исгәаԥхоит Швециа аҳәынҭқарра. Аха убри инадҳәаланы исҳәар сҭахуп, Асовет ҳәынҭқарра аԥсы анҭаз, ҳара иҳарҳәон швециатәи аекономика аспециалистцәа Асовет ҳәынҭқарраҿы иааны ишҭырҵаауаз. Убри ахархәарала иҟаҵаз ареформақәа Асовет Еидгыла даараӡа иацхрааит. Сара сыпрограммаҿгьы зны-зынла сырхьысуеит убарҭ азҵаарақәа, Асовет аамҭазы иҟаз асоциалтә программақәа ҳаамҭазгьы ҳхы иаҳархәар ауеит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0