Аԥырҩы дызҭам аурыс аруаа рыԥрыгақәа Аԥсны ажәҩан аҿы рҽазыҟарҵеит

© Sputnik / Alexei Danichev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥырҩы дызҭам аурыс аруаа рыԥрыгақәа Аԥсны ажәҩан аҿы рҽазыҟарҵеит
Аԥырҩы дызҭам аурыс аруаа рыԥрыгақәа Аԥсны ажәҩан аҿы рҽазыҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа ахархәара рырҭоит еиуеиԥшым атактикатәи акоманда-штабтәи ҽазыҟаҵарақәа раан, аԥшыхәра, артиллериатәи атанктәи жәыларақәа рымҩаԥгараан аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы.

АҞӘА, Ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Ҳазну ашықәс иаалагазар, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аԥырҩы дызмам аԥрыгақәа рыҟәша аррамаҵзурауаа аԥрыгақәа рхархәара жәа-процентк иацырҵеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥрыгақәа иааидкыланы 500 сааҭ рҟынӡа ажәҩан иалан. Аҳасабырбатә аамҭа иалагӡаны дара 30 000 километр иахысит", - ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Ҳаамҭазтәи аԥрыгатә комплексқәа ҽынлеиԥш, уахынлагьы ахархәара рымоуп.

Аԥрыгақәа еиҿкаауп аинфраҟаԥшьытә фотои видеои рмодульқәа рыла. Амодульқәа иалдыршоит иарбанзаалак ацәҟьара абара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0