https://sputnik-abkhazia.info/20261113/1066943627.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ишьақәыргылоу агәаҭара-кассатә техника ахыԥхьаӡара 2000 рҟынӡа иацырҵоит иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ... 13.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-13T18:01+0300
2026-11-13T18:01+0300
2026-11-13T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0d/1066943461_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_51bb8ca3f56dad57b3afb766c9091413.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ишьақәыргылоу агәаҭара-кассатә техника ахыԥхьаӡара 2000 рҟынӡа иацырҵоит иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Гәлиа. Иара иазгәеиҭеит, аԥснытәи аусбарҭеи Урыстәыла афедералтә шәахтә маҵзуреи аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵахьаз актәи аетап аан 1000 цыра агәаҭара-кассатә техника аиуразы. Гәлиа иажәақәа рыла, уажәы атәылаҿы агәаҭаратә-кассатә техника аларҵәара активлатәи афаза мҩаԥысуеит, аԥснытәии урыстәылатәии IT-специалистцәа русеицура иабзоураны.
2,2 нызқь тонна инареиҳаны амандарина аԥснынтәи аҳәаа иахыргеит 2026 шықәсазы. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, ареспубликаҟынтә иара убасгьы иалыргеит 1,2 нызқь тонна афеихоа, 106 тонна инареиҳаны алимонқәа, 50 тонна инареиҳаны ахәырма. Аԥсны амандарина аҽаҩра 40 нызқь тонна инареиҳаны иҟалоит ҳәа иазыԥшуп, мҽхакыла аизгара иалагоит абҵарамза аҽеиҩшамҭазы ҳәа иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Ҳагәышь.
"Ақьиара аурокқәа" мҩаԥысит Аԥсны ашколқәа рҟны адунеизегьтәи Агәыҳалалра амш аҽны. Ауснагӡатә еиҿнакааит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана", Аԥсны Аҵара аминистрра ацхыраарала. "1998 шықәса раахыс адунеи зегьы аҿы агәыҳалалра иамоуп ахатәы аофициалтә ныҳәамш. Ари аҽны Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы "ақьиара аурокқәа" мҩаԥысуеит. Аҵара аминистрра акциа даара активла иадгылоит", — ҳәа азгәалҭеит афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.
Аԥсуа Нарҭтә епос иазку аспектакльқәа рескизқәа хԥа ӡырыргоит РУСДРАМ аҟны. Урҭ разырхиара нап адыркуеит абҵара 15-20 рзы, урыстәылатәи арежиссиорцәеи атеатр артистцәеи. Дмитри Богданов иазирхиоит "Нарҭаа ран илызку ашәа — Аԥа Уахсиҭ". Иури Печенежски ахәаԥшцәа ирыдигалоит аескиз "Гәында ԥшӡа", Анна Трушина — "Амра еиԥш илашо, амза еиԥш икаҷҷо. Сасрыҟәа иҭахара». Апроект хықәкыс иамоуп Нарҭаа репос, уи афырхацәа, асиужетқәа, ахаҿсахьақәа раарԥшраҿы атеатр алшарақәа рыҭҵаара.
Аԥсны ишьақәыргылоу агәаҭара-кассатә техника ахыԥхьаӡара 2000 рҟынӡа иацырҵоит иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Гәлиа. Иара иазгәеиҭеит, аԥснытәи аусбарҭеи Урыстәыла афедералтә шәахтә маҵзуреи аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵахьаз актәи аетап аан 1000 цыра агәаҭара-кассатә техника аиуразы. Гәлиа иажәақәа рыла, уажәы атәылаҿы агәаҭаратә-кассатә техника аларҵәара активлатәи афаза мҩаԥысуеит, аԥснытәии урыстәылатәии IT-специалистцәа русеицура иабзоураны. 2,2 нызқь тонна инареиҳаны амандарина аԥснынтәи аҳәаа иахыргеит 2026 шықәсазы. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, ареспубликаҟынтә иара убасгьы иалыргеит 1,2 нызқь тонна афеихоа, 106 тонна инареиҳаны алимонқәа, 50 тонна инареиҳаны ахәырма. Аԥсны амандарина аҽаҩра 40 нызқь тонна инареиҳаны иҟалоит ҳәа иазыԥшуп, мҽхакыла аизгара иалагоит абҵарамза аҽеиҩшамҭазы ҳәа иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Ҳагәышь. "Ақьиара аурокқәа" мҩаԥысит Аԥсны ашколқәа рҟны адунеизегьтәи Агәыҳалалра амш аҽны. Ауснагӡатә еиҿнакааит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана", Аԥсны Аҵара аминистрра ацхыраарала. "1998 шықәса раахыс адунеи зегьы аҿы агәыҳалалра иамоуп ахатәы аофициалтә ныҳәамш. Ари аҽны Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы "ақьиара аурокқәа" мҩаԥысуеит. Аҵара аминистрра акциа даара активла иадгылоит", — ҳәа азгәалҭеит афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа. Аԥсуа Нарҭтә епос иазку аспектакльқәа рескизқәа хԥа ӡырыргоит РУСДРАМ аҟны. Урҭ разырхиара нап адыркуеит абҵара 15-20 рзы, урыстәылатәи арежиссиорцәеи атеатр артистцәеи. Дмитри Богданов иазирхиоит "Нарҭаа ран илызку ашәа — Аԥа Уахсиҭ". Иури Печенежски ахәаԥшцәа ирыдигалоит аескиз "Гәында ԥшӡа", Анна Трушина — "Амра еиԥш илашо, амза еиԥш икаҷҷо. Сасрыҟәа иҭахара». Апроект хықәкыс иамоуп Нарҭаа репос, уи афырхацәа, асиужетқәа, ахаҿсахьақәа раарԥшраҿы атеатр алшарақәа рыҭҵаара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0d/1066943461_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_6c980cdb26eb32544f2c06c66550c9bc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио