Чеботариов: Аинвестпрограмма ҿыц шә-обиектк инареиҳаны иалоуп

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧеботариов: 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма шә-обиектк инареиҳаны иалоуп
Чеботариов: 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма шә-обиектк инареиҳаны иалоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко зхадараҿы дыҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа Аԥсны иааны иҟоуп. Ахашаҽны, ԥхынҷкәын 18 рзы имҩаԥысит жәаатәи апленартә еилатәара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik. 2020-2022 шш. рзы 100 инареиҳаны аобиектқәа Аинвестпрограмма иаҵаркуп ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Сергеи Чеботариов, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа апленартә еилатәара аихшьаалақәа ҟаҵо.

Пленарное заседание  - Sputnik Аҧсны
Аиҳабырабжьаратә комиссиа 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма шьақәнарӷәӷәеит

"2017-2019 шықәсқәа рзы Аинвестпрограмма инақәыршәаны иргылан жәабала асоциалтә хырхарҭа змоу аобиектқәа. Дара зегьы аԥсуа жәлар рыбзазара аиӷьтәра иацхраауеит", - иҳәеит иара.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа жәаатәи аилатәараҟны  ишьақәнарӷәӷәеит 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма. 

"2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма рзырхоуп аинфраструктуратә проектқәа.  Урыстәыла абри азы иазоунажьраны иҟоуп 4,5 миллиард мааҭ", - ҳәа азгәеиҭеит Сергеи Чеботариов.

Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭакны  ареспубликаҿы азауадқәеи афабрикақәеи рыргылара иазырхо апроектқәа аус рураны иҟоума ҳәа азҵаара аҭакс Сергеи Чеботариов иҳәеит аԥсуа ган аконструктивтә жәадгалақәа рыхәаԥшра Урыстәыла азыхиоуп ҳәа.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа жәаатәи аилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 18 рзы.  Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа жәаатәи аилатәараҟны  ишьақәнарӷәӷәеит 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәарақәа мҩаԥысуеит инеиҭак-ааиҭакны: зны - Аԥсны, зны - Урыстәыла. Аԥхьатәи аилатәара мҩаԥган 2010 шықәса рзы, Москва.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0