https://sputnik-abkhazia.info/20260930/1066029885.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы, Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк абаҟаҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәарц... 30.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-30T13:01+0300
2026-09-30T13:01+0300
2026-09-30T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/1e/1066029719_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_efeb0bb0d4a53ae2812cfeda3f1f6f18.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы, Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк абаҟаҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәарц арахь иааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, Башкортостан Аҳәынҭқарратә еизара — Куртулаи ахантәаҩы Андреи Назаров, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра, аибашьра аветеранцәа. Иахьа ареспублика зегьы аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 33 шықәса аҵра иазку агәалашәаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит.
Владимир Путин Бадра Гәынбеи Аԥсны ауааԥсыреи Аиааира Амш рыдиныҳәалеит. "Ари хьӡи-ԥшеи змоу аныҳәа зхы иақәиҭу, иҭынчу аԥсҭазааразы закәанла ззин зыхьчаз Аԥсны жәлар рхачҳареи, ргәымшәареи, реидгылареи ирсимволуп", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы. Путин иазгәеиҭоит аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа реиҩызаратәи реидгыларатәи ҟазшьа, иациҵеит Урыстәыла аринахысгьы Аԥсны ацхыраара шанаҭо аҳәынҭқарратә ргылареи асоциал-економикатә ҿиареи рхыдҵақәа рыӡбараҿы.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира ажәлари аҳәынҭқарреи рлахьынҵа шьақәнаргылеит, ареспублика аҭоурых адаҟьа ҿыц аанартит иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Иара иазгәаиҭеит 413 мшы ицоз аибашьра, аԥышәара хьанҭақәа шацыз, аха аԥсуа жәлар уи гәымшәарылеи фырхаҵаралеи ишырхыргаз. Ари аибашьра ҳажәлар рхатәы дгьыл аҿы анхара азин азы қәԥаран. Ари аиааира ахә акыр иҳаракуп. Уи иахҭынҵахеит зықьҩыла ҳаибашьцәа", — иҳәеит иара. Аԥсны жәлар аиааиразы рыгәрагара рцәыӡуамызт ҳәа иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада. Урҭ рус шиашоу, рыԥсадгьыл абзиабара, иззеибашьуа ӷәӷәала аилкаара рыцын иҳәеит Бадра Гәынба.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы Аҟәа апарад мҩаԥысит. Аныҟәара аадыртит Атәылахьчара аминистрра аҟәатәи агарнизон ар. Урҭ ирышьҭанеиуан аԥснытәи аррамаҵзурауаа, иҷыдоу азкызаара змоу агәыԥқәа, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи урыстәылатәи абыжьбатәи арратә базеи рыррамаҵзурауаа, Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә маҵзуреи, амотохысратә баталионқәеи, Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура, Аԥсны АҶА, артиллериатә гәыԥқәа, Аԥсны АҩАР, ирласны аҭакҟаҵаратә отриад ҷыда рыруаа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амилициа иреиҳаӡоу ашкол акурсантцәа, аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсантцәа.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы, Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк абаҟаҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәарц арахь иааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, Башкортостан Аҳәынҭқарратә еизара — Куртулаи ахантәаҩы Андреи Назаров, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра, аибашьра аветеранцәа. Иахьа ареспублика зегьы аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 33 шықәса аҵра иазку агәалашәаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит. Владимир Путин Бадра Гәынбеи Аԥсны ауааԥсыреи Аиааира Амш рыдиныҳәалеит. "Ари хьӡи-ԥшеи змоу аныҳәа зхы иақәиҭу, иҭынчу аԥсҭазааразы закәанла ззин зыхьчаз Аԥсны жәлар рхачҳареи, ргәымшәареи, реидгылареи ирсимволуп", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы. Путин иазгәеиҭоит аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа реиҩызаратәи реидгыларатәи ҟазшьа, иациҵеит Урыстәыла аринахысгьы Аԥсны ацхыраара шанаҭо аҳәынҭқарратә ргылареи асоциал-економикатә ҿиареи рхыдҵақәа рыӡбараҿы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира ажәлари аҳәынҭқарреи рлахьынҵа шьақәнаргылеит, ареспублика аҭоурых адаҟьа ҿыц аанартит иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Иара иазгәаиҭеит 413 мшы ицоз аибашьра, аԥышәара хьанҭақәа шацыз, аха аԥсуа жәлар уи гәымшәарылеи фырхаҵаралеи ишырхыргаз. Ари аибашьра ҳажәлар рхатәы дгьыл аҿы анхара азин азы қәԥаран. Ари аиааира ахә акыр иҳаракуп. Уи иахҭынҵахеит зықьҩыла ҳаибашьцәа", — иҳәеит иара. Аԥсны жәлар аиааиразы рыгәрагара рцәыӡуамызт ҳәа иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада. Урҭ рус шиашоу, рыԥсадгьыл абзиабара, иззеибашьуа ӷәӷәала аилкаара рыцын иҳәеит Бадра Гәынба. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы Аҟәа апарад мҩаԥысит. Аныҟәара аадыртит Атәылахьчара аминистрра аҟәатәи агарнизон ар. Урҭ ирышьҭанеиуан аԥснытәи аррамаҵзурауаа, иҷыдоу азкызаара змоу агәыԥқәа, Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи урыстәылатәи абыжьбатәи арратә базеи рыррамаҵзурауаа, Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә маҵзуреи, амотохысратә баталионқәеи, Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура, Аԥсны АҶА, артиллериатә гәыԥқәа, Аԥсны АҩАР, ирласны аҭакҟаҵаратә отриад ҷыда рыруаа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амилициа иреиҳаӡоу ашкол акурсантцәа, аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсантцәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/1e/1066029719_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ae95f072c22fd8ce2a20e86f5d9251e1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио