АҶА: амцакра ҿыцқәа аарԥшуп

Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иаанацҳауеит ареспублика абнақәа рҿы амцакрақәа акыр ишәарҭаны ишыҟоу.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Facebook аҟны адырра ҟанаҵеит амцакра ҭыԥ ҿыцқәа шаарԥшу.

"Иахантәарак Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭон Гагреи Очамчыреи араионқәа рҿы. Амцакра ҿыцқәа хәыҵҟьеит егьырҭ аҭыԥқәа рыҿгьы", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Гәдоуҭа араион Отҳара ақыҭан 3000 метр ԥшьыркца ачықьқәа амца ркуп.

"Амца ауааԥсыра рынхарҭақәа ашәарҭара иҭанаргылеит, аха АҶА аусзуҩцәа иара ирласны аанкылара рылшеит", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Амцакрақәа ирхыҵхырҭа хаданы иҟоу ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа иршьоит АҶА аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0