Урыстәылатәи арратә округ иатәу аполициа аныҳәазы арежим ҷыдахь ииасуеит

© Foto / ПРЕСС - СЛУЖБА ЮЖНОГО ВОЕННОГО ОКРУГАВоенная полиция ЮВО в Абхазии
Военная полиция ЮВО в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арратә дисциплинеи азинеиҿкаареи реиқәыршәара аҽазнархиоит арратә полициа ахәҭа.

АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ арратә полициа ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рымҩаԥысраан арежим ҷыдахь ииасуеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

"Арратә дисциплинеи азинеиҿкаареи реиқәыршәара аҽазнархиоит ар ргыларҭа ҭыԥқәа рҟны арратә полициа ахәҭа. Уахи-ҽни аҷаԥшьара мҩаԥгахоит, арратә патруль агәаҭарақәа мҩаԥыргоит", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Убри аан арратә қалақь аҩныҵҟа имҩаԥгахоит аныҳәатә уснагӡатәқәа.

Арратә полициа ахархәаразы ирымоуп акәылӡы зқәу автомашьынақәа, ахархәага ҷыдақәа, "Колпак", "Черепаха".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аҵаа Бабаду Аԥсны иҟоу аурыс аруаа 200 ҭаацәара инарзынаԥшуа дрыдныҳәалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0