Ҳаџьымба: иаҭахханы иҟалозар атәылаҿ иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахоит

© Foto / АГТРКОбращение Рауля Хаджимба
Обращение Рауля Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә мчрақәа зегьы аштаттә режим инақәыршәаны русура мҩаԥысуеит, амчратә усбарҭақәа арежим ӷәӷәахьы ииагоуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иаҭахханы иҟалозар атәылаҿ иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Абри атәы иалацәажәан Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы. Атәыла ахада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра аадырԥшырц.

"Аконституциа агарантк иҳасаб ала аҭагылазаашьа азинтә шьаҭа иацәхьамҵырц азы иахәҭаны иҟоу анапынҵақәа зегь ҟасҵахьеит. Имариам абри аҭагылазаашьа аан ҳара ахынкылара ааҳарԥшыроуп, ҳҳәынҭқарра аҵшәаара алаҳмыршароуп", - иҳәеит иара.

Ажьырныҳәа 9 ашьыжь инарны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуеит мҽхакыҭбаалатәи акциа, ахада иалхрақәа иашам ҳәа иазхарҵарц азы адҵа ҟазҵо аоппозициаа рыдгылаҩцәа рыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0