Валери Бганба Аминистрцәа реилазаара аусура атәы далацәажәеит

© Foto / пресс-служба Кабинета министров СОВЕЩАНИЕ С МИНИСТРАМИ
СОВЕЩАНИЕ С МИНИСТРАМИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иҳәеит атәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыҿмырԥшыкәа аусура шцо.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба аиҳабыра алахәылацәа адгаланы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәараҿы ирзааҭгылан Аминистрцәа реилазара аусура, аҳәынҭқарра атәылауаа рҿаԥхьа афинанстә ҭакԥхықәра анагӡашьа уҳәа азҵаарақәа. Аиҳабыра рхада ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аусбарҭақәа зегьы иуадаҩу аполитикатә ҭагылазаашьаҿы русура ахьыԥкым азы.

Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа

Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иҳәеит акциақәа рымҩаԥысра инадҳәаланы ауааԥсыра атәанчахәқәеи аулафахәқәеи рыҭара ԥынгылак аиуам ҳәа.

Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба далацәажәеит Урыстәылантәи афымцалашара Аԥсныҟа аара аиҿкааразы аилацәажәарақәа шымҩаԥысуа атәы.

АҶА аминистр Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит аусбарҭа аштаттә режим инақәыршәаны аусура шымҩаԥнаго.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Мужчина с полученной пенсией  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны афинансқәа рминистрра: атәылауаа атәанчахәи аулафахәи рыҭаразы ԥынгылак ыҟам

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0