Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа

© Фото : Томас ТхайцукАԥсны аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазиԥхьаӡоит азинеиҿкаара ҟаларц азы аицәажәара аҭахуп ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа ҳәа.

"Аминистрцәа реилазаара еиҿнакаауеит аҳәынҭқарратә ԥсҭазаара шьаҭас иамоу аусурақәа зегьы: аенергетика, аимадара, атранспорт, аус руеит ахәыҷбаҳчақәа", - иҳәеит иара.

Иҟоу аҭагылазаашьаҟны аиҿцәажәара хымԥада иаҭахуп атәылаҿ азинеиҿкаара ашьақәыргыларазы ҳәа иҳәеит Валери Бганба.

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Обращение Рауля Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: иаҭахханы иҟалозар атәылаҿ иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахоит

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0