Аслан Бжьаниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжьаниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахәшьара аиҭеит
Аслан Бжьаниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахәшьара аиҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша ауха Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ииашам ҳәа иазханаҵеит цәыббрамзазы имҩаԥысуаз атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан иҟаҵаз алкаақәа рзы АКХ аӡбара. Аӡбарҭа атәыла ахада иеиҭалхра мҩаԥгатәуп ҳәа азгәарҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аоппозициа аԥхьагыла, Аԥсны Апарламент адепутат Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаданакылаз аӡбамҭа аполитикатә кризис алҵразы ишьаҿа ӷәӷәоуп ҳәа.

"Ҳәарада, аӡбамҭа азакәан шьаҭа аман. Аӡбаҩцәа анырра шырзыруазгьы, асеиԥш аӡбамҭа ахьрыдыркылаз агәыӷра унамҭарц ҟалом. Аӡбаҩцәа рыгәҭа иҟоуп атәыла алахьынҵа знапы иануҵаша аӡбаҩцәа. Ԥхьаҟатәи ҳусқәа азырхахоит аполитикатә кризис ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра", - иҳәеит иара.

Бжьаниа иажәақәа рыла, иҟоу аҭагылазаашьа азинтә мҩахь ииагатәуп, избанзар Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа бжьаратә лҵшәоуп. Ихыркәшаратә лҵшәаны иара иԥхьаӡоит алхрақәа ррыцхә ҿыц.

"Апарламент аилатәара ҟалап ҳәа сгәыӷуеит. Уа џьара ӡбамҭак рыдыркылозар акәхап", - иҳәеит иара.

Ҳаџьымба ипресс-маҵзура Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахҳәаа азыҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба ипресс-маҵзура Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахҳәаа азыҟанаҵеит

Ҳаџьымба алхрақәа ҟалаанӡа инапынҵақәа шьҭеиҵозар, урҭ аамҭала Апарламент аиҳабы инеигӡалар илшоит ҳәа иазиԥхьаӡоит Аслан Бжьаниа.

Ахәаша ауха Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ииашам ҳәа иазханаҵеит цәыббрамзазы имҩаԥысуаз атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан иҟаҵаз алкаақәа рзы АКХ аӡбара. Аӡбарҭа атәыла ахада иеиҭалхра мҩаԥгатәуп ҳәа азгәарҭеит.

Ҳаџьымба ипресс-маҵзураҿы аҳәамҭа ҟарҵеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа азакәанԥҵара еилаганы ирыдкылан, убри инадҳәаланы иара усгьы имариам ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аруадаҩыр алшоит ҳәа. Атәыла ахада игәҭакуп Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Апрезидиум ахь ашшыԥхьыӡ неишьҭырц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0