Ахра Аҩӡба: аиҳабыра рхыбраҟны иҟаҵоу аԥхасҭа ахә ахшәаара ҳазыхиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра зыҩноу ахыбра аԥхасҭа аҭан ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа еиҿнакааз аҿагыларатә акциаан. Амитинг иалахәыз актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны ахыбра иҩналеит. Аиҳабыратә хыбрақәа рыԥхасҭа ахәшьара нагӡаны иҟаҵам.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҿагыларатә акциа аиҿкааҩцәа азыхиоуп атәыла ахада Иусбарҭа иазуу аԥхасҭа ахә ахшәаара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Ахра Аҩӡба.

"Ҳара иаабон ахыбра ахьчаҩцәа аԥенџьырқәеи ашәқәеи аҩнуҵҟа иҩнагылаз аҩнымаҭәала ишадыркуаз. Аха ҳара уажәы уи иԥиҽит, ма ари иԥиҽит ҳәа ҳалацәажәарым. Азеиԥш хәшьара аныҟарҵалак, ахәԥса ҳшәоит. Уажәы ҳара ахәшьаратә комиссиа алкаақәа ҳарзыԥшуп", - иҳәеит Аҩӡба.

Ишәатәхо аԥарақәа еизыргар рылшоит ҳтәыла ауааԥсыра рахьтә изҭаху зегьы. Убри аан иара дақәшаҳаҭым ирхарартәуа зегьы.

Ажьырныҳәа 10 рзы усҟантәи Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба аҳәамҭа ҟаиҵеит амитинг алахәылацәа ахада Иусбарҭа абџьаршьҭаҵарҭа уада ԥҽны иҩназ абџьар ргеит ҳәа.

Аиҳабыра зыҩноу ахыбра аҿагыларатә акциаан иаиуз аԥхасҭа ахәшьара аҭоуп - Sputnik Аҧсны
Аиҳабыра зыҩноу ахыбра аҿагыларатә акциаан иаиуз аԥхасҭа ахәшьара аҭоуп

Ахра Аҩӡба Sputnik аинтервиу аҭо уи аҩыза шыҟарымҵаз иҳәеит.

Уажәы Ахра Аҩӡба иҭаацәеи иареи Донецк иҟоуп, аха аамҭа-аамҭала Аԥсныҟа саалоит иҳәеит. Иазгәеиҭеит ԥхьаҟатәи политикатә хықәк ҷыдак шимам.

"Сара уа ҭыԥ ԥхак соундаз ҳәа акәӡам иҟасҵаз зыҟасҵаз. Мыцхәы ацәажәарақәа ҟамларц азы, сҭаацәа рахь сгьежьхьеит. Ахадарахь акандидатцәа рыҿцәажәара сазыхиоуп ԥхьаҟа ажәлар реиҟәшара алмыршахарц", - иҳәеит иара.

"Сара исзеилкаауам егьырҭ амилаҭқәа алхрақәа заҵәык раан изаҳгәалашәо. Исзеилкаауам агырцәа аԥхьа ҳауаажәлар ирыхәҭакны изаҳаԥхьаӡаз, нас атәылауаҩшәҟәқәа зрымаҳхыз. Иара убри аан ҳтәылауаа Қырҭтәылаҟа рцареи уатәи атәылауаҩшәҟәқәа роуреи ҳаԥырхагам", - иҳәеит иара.

Ахра Аҩӡба диит ажьырныҳәа 27, 1986 шықәса рзы Шәача. Иаб шьҭрала Аацытәуп, иан – Лыхны. Иара ихаҭа Аԥсныҟа 2011 шықәса рзы дхынҳәит.

2014 шықәса рзы Ахра Донецка дцеит хатәгәаԥхарала. Аинтернационалтә отриад анапхгаҩыс дҟалеит. Аамҭақәак рышьҭахь ихаҭа еиҿикааз абригада "Пятнашка" напхгара аиҭон. Хьыӡшьарас имоуп – "Абхаз".

Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциазы апрокуратура ашьаус хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциазы апрокуратура ашьаус хацнаркит

2015 шықәса рзы ареспублика аҳамҭа хада "Донецктәи Жәлар рреспублика афырхаҵа" ианашьоуп.

2017 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс икандидатура ықәиргылеит, аха иахәҭаз абыжьқәа имоуит.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы, ԥхынҷкәын 3 рзы лара лыԥсҭазаара далҵит.

Абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит ԥхынҷкәын 2 рзы Аҟәа имҩаԥысуаз амитинг аҿы еизаз рхаҭарнак Ахра Аҩӡба.

Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысразы гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысразы гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп

Абри аҭагылазаашьа инамаданы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигаз аилацәажәара ашьҭахь Гарри Аршба имаҵура дамхын, иара убас уи актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов. Анаҩс Апарламент ахь ахада инаишьҭит Апрокурор хада имаҵура иамхразы ажәалагала наишьҭит. Абасала рмаҵурақәа ирымырхит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Апрокурор хада Зураб Ачба, уи ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа.

Ихацыркыз ашьаусҭаҵаара инақәыршәаны иаанкылан Аԥсны атәылауаа хҩык, аӡәы иԥшааразы алаҳәара ҟаҵоуп.

Атәылаҿы ишьақәгылаз акриминогентә аҭагылазаашьа мзызс иҟаҵаны шәҩыла Аԥсны атәылауаа аҿагыларатә акциа хацдыркит ажьырныҳәа 9 рзы. Уи аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын Ахра Аҩӡба. Амитинг иалахәыз агәынамӡара рызцәырнагеит абҵара 22 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз хҩык ауааԥсыра рышьра далаҟьашьуп ҳәа агәҩара рыманы дахьааныркылаз уаанӡатәи ахада ихьчаҩ.

Амитинг анымҩаԥысуаз иақәыршәаны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы Алхас Кәыҵниа 2019 шықәса цәыббра 8 рзы имҩаԥысыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы иалеиҵаз ашшыԥхьыӡ иахәаԥшуан.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау

Амитинг алахәылацәа сааҭқәак рышьҭахь атәыла ахада Иусбарҭа ахыбра иажәлеит, актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽуа.

Ажьырныҳәа 9 ахәылбыҽха аӡбарҭа иаӡбеит алхрақәа рылҵшәақәа иашамызт ҳәа. Аха аоппозициаа атәыла ахада инапынҵақәа шьҭеиҵаанӡа ишымеилыҵуа азы рҳәеит. Ԥшьымш ицоз аҿагыларатә акциа ашьҭахь, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал Апарламент ахь наишьҭит, ажьырныҳәа 13 рзы Жәлар Реизара уи иԥхьатәара аднакылеит.

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәакыра 22, 2020 шықәса рзы. Ркандидатурақәа шықәдыргыло азы аҳәамҭақәа ҟарҵахьеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Леонид Ӡаԥшьбеи Апарламент адепутат, Аоппозициатә мчрақәа рблок аиҳабы Аслан Бжьаниеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0