Аԥсны атәылауаҩ аҳәааҟны агероин идырбалеит

© SputnikГраница
Граница  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ихаҭара шьақәзыргыло адокументқәа рцәыргара мап ацәызкыз арԥыс гәҩарас дҟаҵаны дааныркылеит.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ, 1985 шықәса рзы ииз, Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿ даанкылан ҳәа аанацҳаит краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ихаҭара шьақәзыргыло адокументқәа рцәыргара мап ацәызкыз арԥыс гәҩарас дҟаҵаны дааныркылеит.

Дангәарҭоз идырбалеит амаҭәашьарххы злаҳәаз аилаҳәара. Акриминалисттә експертиза ишььақәнаргылеит амаҭәашьар - героин ауп, 0,15 грамм акапануеит ҳәа.

Иаанкыло иганахь ала ашьаус хацыркуп (Урыстәыла АЗ актәи ахәҭа ахәҭаҷ 229.1 "Анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабанда").

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0