Апарламент аҿы ирыдрымкылеит атәыла ахада иалхразы азакәан ахь ариашарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание парламента
Заседание парламента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы аҩбатәи атур аҟынтәи абыжьқәа рыԥхьаӡара аихшьаалақәа иашамызт ҳәа рызҳәан 2020 шықәса ажьырныҳәамзазы. Аԥсны ахада еиҭалхра мҩаԥгахоит хәажәкыра 22 рзы.

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Жәабран 6 рзтәи аилатәараан Аԥсны Апарламент аҟны актәи аԥхьараан мап ацәыркит ареспублика ахада иалхразы Аконституциатә закәан ариашарақәа ҩ-вариантк.

Агрба ирҽеирақәа

Адепутат Каха Пертаиа иазгәеиҭеит азакәан ариашарақәа ралагаларазы актәи апроект шрыдигалаз адепутат Валери Агрба. Иара иҳәеит ариашарақәа рыдгалан "Аԥсны ахада иалхразы азакәан аԥҟарақәа еиуеиԥшым аинтерпретациақәа рахь икылызгаз азакәанԥҵара аиқәымшәара иахҟьаны" ҳәа.

Валерий Кварчия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарҷиа еиҭеиҳәеит "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан адепутатцәа иахьазы ишазыҟоу

Ирыдгалаз ариашарақәа инарықәыршәаны азакәан аҟны иарбазароуп абиуллитенқәа рҟны аграфа "зегьы рҿагылара" аҟазаара.

Пертаиа дрылацәажәеит егьырҭ ажәадгалақәагьы:

Аҩбатәи атур ахь инеиз акандидатцәа руаӡәк мзызқәак ирхырҟьаны аиндаҭлара далҵыр, алхратә биуллетень далагалахоит еиҳа абжьырацәа зауз акандидат иҳәеит адепутат.

"Аҩбатәи ахәҭа ("Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 - аред.) абри аредакциала иаԥхьатәуп: далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит акандидат, аҩбатәи абжьыҭираан егьи акандидат иеиҳа абжьы еиҳаны изауз, убри аан абжьеиҳа зауз акандидат зегьы ирҿагыланы ирҭиз абжьқәа раасҭа имазароуп", - иҳәеит Пертаиа.

Аконституциатә закәан актәи ахәҭаҷ аԥҟараҿы Апарламент адепутатцәа ралхраз азакәан анормақәа инарықәыршәаны, иара убасгьы ажәадгала ҟаҵан ариашарақәа алагалазарц атәылауаа ркатегориақәак ахадарахьи ахада ихаҭыԥуҩрахьи ралхра азин аҟамҵара.

Пертаиа иҳәеит "атәыла ахадаси ахада ихаҭыԥуаҩыси иҟамлар шакәу атәылауаа: аӡбарҭаҿы аусура лшара рымам ҳәа ирыԥхьаӡазар, аӡбарҭа аӡбамҭала ахақәиҭра иалхәыдатәызар, арыжәтәчымазара рымазар, анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдыркылозар, акраамҭа излымго аԥсихикатә чымазара рылаҽызар".

Уи адагьы ажәадгала ҟаҵан ахада иалхразы азакәан ахәҭаҷ 20 аԥсахра алагалазарц аиҭалхрақәа рымҩаԥгара аҿҳәаразы.

"Ахәҭаҷ 20 актәи ахәҭа еиҭактәуп алхрақәа рҟны ҩыџьа акандидатцәа иреиҳамкәа акәзар иқәгылоны иҟаз, урҭ рҟынтәи аӡәгьы далхымзар, иара убасгьы алхрақәа зышьақәымгылт ҳәа иазыԥхьаӡазар АКХ хәымш рыҩныҵҟа алхар ҿыцқәа рыҿҳәара азыԥхьагәанаҭоит, аиҭалхрақәа мҩаԥгахароуп хымз (уажәы – ҩымз) рыла", - иҳәоит адепутат.

ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
АКХ адепутатцәа рахь "Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан ариашаразы ажәалагала нанашьҭит

Апарламент аҿы ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иҳәеит ахада иалхразы азакәан 19-тәи ахәҭаҷ иахәаԥштәуп ахәҭаҷ ҩ-знеишьак аманы иҟамларц азы, аха убри аан арҭ ариашарақәа рахьгьы азҵаарақәа цәырҵыр алшоит ҳәа.

"Иҳадгало апроект аҿы алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ишьаны хымз рыҩныҵҟа имҩаԥырго аиҭалхрақәа роуп излацәажәо. Аха арҭ ахымз шԥаԥхьаӡатәу - алхрақәа ррыцхә аҟынтәи акәу урҭ шьақәымгылеит ҳәа ианазыршьаз арыцхә аҟынтәи акәу?" - иҳәеит иара иагьазгәеиҭеит ари ахәҭа азхьаԥшра шаҭаху.

Шамба иҳәеит ирыдгало 19-тәи ахәҭаҷ аредакциа ҿыц еиҭагьы еиланархәар ҟалоит ҳәа.

Азакәан апроект ианалацәажәа ашьҭахь 12-ҩык иара рыдыркылеит, 10-ҩык иаҿагыланы рыбжьы рҭиит. Абри ала иара рыдрымкылеит.

Гәниа ирҽеирақәа

Адепутат Илиа Гәниа азакәан апроект рыдгало алхратә закәанԥҵара ариашарақәа аирбеит.

"Саргьы 19-тәи ахәҭаҷ аԥсахрақәа шәыдызгалоит аха урҭ уаанӡа ишәыдгалаз иреиԥшым. Атәыла ахадарахьи ахада ихаҭыԥуаҩрахьи инеиуа ралкаара акыр ирххатәны исшьоит. Атәыла ахадаси ахада ихаҭыԥуаҩыси иҟамлароуп атәылауаа: аӡбарҭаҿы аусуралшара рымам ҳәа ирыԥхьаӡазар, аӡбарҭа аӡбамҭала ахақәиҭра иалхәыдатәны абахҭа иҭазар, ацәгьоура хьанҭеи ма ацәгьоура хьанҭаӡеи рзы рус ӡбазар", - иҳәеит Гәниа.

Иара иажәақәа рыла атәыла анапхгарахь инашьҭтәым анаркоманцәа, атоксикоманцәа, аԥсихикатә еиҭакра змоу ауаа, аибашьра зҽацәхьазкыз.

"Абиуллитень аҿы иҟазароуп ацәаҳәа "зегьы рҿагылара". Ахәҭаҷ 19 абасеиԥш аилкаара амазароуп: акандидатцәа руаӡәы дықәҵуазар абиуллитень дҭагалатәуп еиҳа абжьы рацәаны изауз акандидат. Аҩбатәи ахәҭа абасеиԥш иҟазароуп: далхуп ҳәа дыԥхьаӡатәуп аиҭабжьыҭираан 50 процент еиҳаны абжь ызауз акандидат ҳәа. Аиҭабжьыҭира мҩаԥгахеит ҳәа иазыԥхьаӡазароуп асиақәа ирну алхыҩцәа рҟынтәи 25 процент абжьыҭира иалахәхазар", - иҳәоит Гәниа.

Иара игәаанагарала 50 процент +1 апринцип аҩбатәи атур аҟынгьы ахархәара амазароуп.

"Аграфа "зегьы рҿагылара" аанхазар, уи атәылауаа рҭахра иақәшәоит, џьаргьы иацҵатәым иагьагырхатәым. Аиааира игоит 50 процент бжьык ззацло акандидат", - иҳәеит адепутат.

Ари апринцип абжьыҭира аихшьаалақәа раан аилибамкаар иацәхьанаркуеит иҳәоит иара.

Аполитолог Камкьиа: Аԥсны ахада иалхразы азакәан риашарак ауп иаҭаху - Sputnik Аҧсны
Аполитолог Камкьиа: Аԥсны ахада иалхразы азакәан риашарак ауп иаҭаху

Адепутат Лаша Ашәба иҳәеит 135000-ҩык абжьыҭира азин змоу рҟынтәи 25 процент инанагӡо 40 000-ҩык роуп.

"Атәыла ахада изы 20000+1 рыбжьы рҭиир, уи ажәлар зегь еицырҭаххаз хадахома?", - дҵааит иара.

Илиа Гәниа иҳәеит абжьыҭирахь имнеиуа шырацәоу.

Лаша Ашәба игәаанагарала алхрақәа ҳаарҟәымҵӡакәа ҳарҿымзарц азы аҩбатәи атур аҟны еиҳа абжьы зауз далхтәуп.

Апроект абжьыҭирахь ианнарга жәҩык адгылеит, иара убри аҟара аҿагылеит, ԥшьҩык абжьыҭира рҽацәхьаркит.

Абас ала "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ариашарақәа авариантқәа рыҩбагьы рыдкыламхеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0