АКХ адепутатцәа рахь "Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан ариашаразы ажәалагала нанашьҭит

© SputnikЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа атәыла ахада иалхразы азакәан агха-ԥхақәа дрылацәажәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. "Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан ариашарақәа аланагаларазы алхратә комиссиа Апарламент ахь ажәалагала нанашьҭит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Заседание лингвистической комиссии в Центризбиркоме Абхазии - Sputnik Аҧсны
Алингвистикатә комиссиа атәыла ахадарахь акандидатцәа рзы аԥышәара дырӷәӷәоит

Ҭамаз Гогьиа иҳәеит аиҭалхрақәа хәажәкыра 22 рзы имҩаԥысраны ишыҟоу. Убри аан азакәан ахәҭаҷ 20 инақәыршәаны алхра хадақәа рышьҭахь аиҭалхрақәа ҩымз рыҩныҵҟа имҩаԥысроуп.

АКХ ахантәаҩы иазгәеиҭеит алхразы азакәан административтә кодекс иаҿагылоит ҳәа.

"АКХ азакәанԥҵаратә аԥшьгара шамамгьы Апарламент ахь ажәалагала ҟаҳҵеит, абарҭ зегьы еиҭарыхәаԥшызарц. Азхьаԥшра зыхәҭоу 20 пункт рҟынӡа алаҳкааит. Урҭ уажәы ҳраҩсыр, аимак-аиҿак цәырыргар ҟалоит", - иҳәеит иара.

Ахәҭаҷ 16 аҿы иҟам апункт "зегьы рҿагылара", ахәҭаҷ 19 инагӡаны аус адулам, аус адулам аҵыхәтәанынӡа ахәҭаҷ 20.

"Ирацәоуп оперативла зыӡбра ахәҭоу азҵаарақәа", - иҳәоит Ҭамаз Гогьиа.

АКХ ахантәаҩы иҳәеит азакәаншьаҭа зҭатәу, еиуеиԥшымкәа узызнеир ауаа азҵаарақәа шырацәоу. Иара игәаанагарала Апарламент макьаназы аамҭа амоуп. Ариашарақәа ишалшо ала иаарласны ирыхәаԥштәуп, иалагалатәуп. Уи адепутатцәа рнапы иануп, иҳәеит иара.

"Абиуллитенқәа рхыртра, асакьқәа амҳәыр раархара- абарҭ аусқәа реиҭахәаԥшра аҭахуп. Ицәырҵит азҵаарақәа аԥсуа бызшәазы ргәаҭараз, ателехәаԥшарҿы хәыда-ԥсадатәи аефир акандидатцәа рыҭаразы, уа аԥсышәала мацара рцәажәаразы", - иҳәоит иара.

АКХ аҵыхәтәантәи аилатәараан АКХ алахәылацәа азакәантә ҵаҵӷәы змам азҵаарақәа раԥыхразы Апарламент ахь ажәадгала аҟаҵара ахәҭаны ирыԥхьаӡеит.

"Ирацәоуп ауаажәларра агәҭынчымра рызцәырызго азҵаарақәа. Урҭ зегьы высшьа рымамкәа иҟаҵатәуп", - иҳәоит Гогьиа.

Уи адагьы, апроблема аҵоуп закәанла аиҭалхрақәа раан уаанӡатәи алхраан ахархәара змаз алхыҩцәа рсиа хадала рымҩаԥгара.

Гогьиа дҵаауеит ибжьысыз аамҭазы зықәра наӡаз ауаа ишԥарзутәу ҳәа. Иара игәаанагарала, ари аимак-аиҿак цәырнагоит.

АКХ алхранӡатәи аусмҩаԥгатәқәа рплан - Sputnik Аҧсны
Ахада иалхрақәа рҽырзыҟаҵара аплан

Иара убасгьы еилкаам аҩбатәи атур ахь ҩыџьа акандидатцәа неир, аха руаӡәк еилкаам мзызқәак ирхырҟьаны аиҭалхра дзалахәымхар. Ари азҵаарагьы ҭакдоуп.

Азиндырратә зҵаарақәа рыдагьы АКХ ахантәаҩы афинанстә уадаҩрақәа ҟалоит иҳәеит. Арҭ азҵаарақәа зегьы уажәнатә рыӡыбра хымԥадатәиуп.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада ажьырныҳәа 12 рзы ирыланаҳәеит хәажәкыра 22 Аԥсны ахада иалхрақәа ирымшны.

Атәыла ахадаразы акандидатцәа ркандидатурақәа рықәыргылара ҟалоит ажьырныҳәа 22 инаркны, алхрақәа 60 мшы шрыбжьоу ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АКХ аҿы.

Иахәҭаны иҟоу адокументқәа анынашьҭхалак ашьҭахь АКХ аҿы акандидат ашәҟәы дҭаргалароуп 10 мшы рыҩнуҵҟа. Акандидатцәа рҭаҩра хыркәшахоит абжьыҭара амш аҟынӡа 30 мшы шыбжьоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0