Аомбудсмен Апрокуратура хада дадҵаалеит апсихиатриатә хәышәтәырҭа аԥаразоужьразы

© SputnikАомбудсмен Апрокуратура хада дадҵаалеит апсихиатриатә хәышәтәырҭа аԥаразоужьразы
Аомбудсмен Апрокуратура хада дадҵаалеит апсихиатриатә хәышәтәырҭа аԥаразоужьразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 7 рзы атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адҵа ҟаиҵеит Ареспубликатә психиатриатә хәышәтәырҭа аԥаразоужьра апроблемақәа еилдыргарц азы.

АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану Асида Шьаҟрылԥҳа Апрокуратура хадахьы азыҳәа налышьҭит апсихиатриатә хәышәтәырҭа аԥаразоужьра шымҩаԥысуа бзианы иҭҵаазарц.

"Ҳгәыӷуеит аҳәынҭқарратә финанстә хылаԥшра аусбарҭеи Аԥсны азакәанқәа рынагӡашьа хылаԥшра азҭо аусбарҭеи ахәышәтәырҭаҿы иҟоу афинанстә проблемақәа иныҭкааны иҭырҵаап ҳәа", - лҳәеит лара.

Уаанӡа Шьаҟрылԥҳа ахада инапынҵақәа назыгӡо иахь азыҳәа налышьҭхьан. Уа лара иазгәалҭеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы аусбарҭа аппарат ахь адырра шыҟаҵаз – апсихиатриатә хәышәтәырҭа апациентцәа рыуацәеи рҭынхацәеи ишрыҳәаз урҭ аамҭала аҩныҟа иргарц азы, аҵыхәтәантәи хымз азы аԥаразоужьра ахьаанкылоу иахҟьаны.

Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра адырра ҟанаҵеит 2019 - 2020 шықәсқәа рзы аԥаразоужьра аанкылара аҭыԥ шамамыз азы.

Убри аан иазгәаҭан ауадаҩрақәа шыҟаз 2020 шықәса аԥхьатәи амзазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0