Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәшаҿы заанаҵтәи аҽҭаҩрала ауаа рыдыркылоит

© Sputnik / Акоп Кущян Посольство РФ
Посольство РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаа агәаран иқәымгылакәа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахырц азы аҿыцрақәа аԥшьгоуп.

АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Уажәшьҭарнахыс Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәшаҿы заанаҵтәи ашәҟәҭаҩра мҩаԥгахоит аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахраан. Абри атәы аанацҳаит Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿы.

Убри аан иазгәаҭоуп зтәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара иахыԥо аԥыжәара рыҭаны ашәҟәы иҭарыҩуеит ҳәа.

Аконсултә ҟәшаҿы адокументқәа рыдкылара мҩаԥыргоит асааҭ 09:00 - 13:00 рзы, ирхиоу атәылауаҩшәҟәқәа рырҭоит асааҭ 14:00 - 18:00 рзы (хәашала: 14:00 - 16:45 сааҭ рзы). Мышкы ахы-аҵыхәала 100-ҩык рымаҵ руеит.

10 шықәса ҿҳәарас измоу абиометриатә тәылауаҩшәҟә азы заанаҵтәи ашәҟәҭаҩрада адокументқәа рыдыркылоит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адырра ҟанаҵоит аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟә аиуразы зыҿҳәара ааигәахо аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟә ма аҩнуҵҟатә тәылауаҩшәҟә умазар ауп ҳәа. Убри аан атәылауаҩшәҟә аҿҳәара анҵәара ԥшьымз рҟынӡа шагу аԥсахраз инагатәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0