Смыр: аԥсуа ҽылампыл алшарақәа зегьы идҳарбар ҳҭахуп

© Foto / предоставлено Саидом Смыр Саид Смыр
Саид Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аипподром аҿы аԥсуа команда ақәгылара аҽшазнархио, урыстәылатәи апублика ирыдыргалараны, изладыршанхараны иҟоу уҳәа ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҟны.

АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Москватәи аипподром хадаҿы жәабран 29 рзы имҩаԥысуа ақәгыларақәа ирылахәхоит аԥсуа команда. Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аԥсуа команда алахәыла, азыҟаҵаҩ Саид Смыр.

"Акоманда фҩык рыла ишьақәгылоуп. Ҳара иаҳҭахуп раԥхьа ҳҽыбӷаҟазаратә спорт алшарақәа зегьы идҳарбарц. Нас ҩ-гәыԥкны ҳаҽшаны аҽымпыл ҳахәмаруеит. Иаҳҭахуп ахәаԥшҩы ибарц ари аспортхкы аланарԥшыра ду иаҵоу", - иҳәеит Смыр.
Кәтол имҩаԥысит аҽқәа реиндаҭларақәа - Sputnik Аҧсны
Иԥыруа аҽқәа: Кәтол имҩаԥысыз аҽқәа реиндаҭларақәа рфотосахьақәа

Саид Смыр иажәақәа рыла, Асовет еидгыла ианаамҭаз аҽыбӷаҟазаратә спорт аҿиара бзиа аман, уи змаз атәылақәа рацәан, уажәы Аԥсны заҵәык ауп еиқәханы иахьыҟоу.

"Аҽылампыл аҿиара ҳацхраауеит, иаҳҭахуп изымбац идырбаны, даргьы адҳаԥхьаларц. Уажәы аԥыжәара арҭоит поло, аха, сара сгәаанагарала, ҳара ҳаспортхкы еиҳа иԥшӡоуп, еиҳа аинтерес аҵоуп, уи аспортхкы аасҭа", - иҳәеит Смыр.

Аҽылампыл – аԥсуа милаҭтә спортхкқәа иреиуоуп. Иара англиатәи атрадициатә поло излеиԥшым ыҟоуп. Аԥсуа спортхкы аҿы алабақәа (аклиушкақәа - аред.) рыла акәым, адаԥакаҭа (сачок - аред.) рылоуп ампыл шеимырдо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0