"Са суардын", "Наныкьара", "Фама" — акыр шықәса зхыҵуа, аха азыӡырыҩцәа ес-ҽны бзиа ирбо, еиҳа-еиҳа иргәаԥхо ашәақәа иреиуоуп. "Аԥсны 67" арепертуар иалоу ашәақәа нарыгӡон амузыкатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" аҟны аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа. Аԥхьа асценахь ицәырҵит аиубелиарцәа, агәыԥ "Аԥсны 67" ашәаҳәаҩцәа. Инарыгӡеит еиуеиԥшым аамҭақәа рызтәи ашәақәа. Апроект автор Хьыбла Мықәԥҳа лажәақәа рыла аконцерт азы ашәақәа ралхра уадаҩрак аҵамлаӡеит. Аиҿкааҩцәа акыр ацхыраара рылҭеит агәыԥ асолистка Лиудмила Гәымԥҳа.
Аконцерт амҩаԥгаҩцәа Хьыбла Мықәԥҳаи Алхас Манаргиеи еиҭарҳәон агәыԥ аҭоурых. Аконцерт ахәаԥшыҩцәа урҭ аамҭақәа еиҭарзыхынҳәуан, рцәаныррақәагьы рзыҵәахуамызт.
"Аԥсны 67" ашәақәа арадио, ателехәаԥшра рыла иуаҳауеит, иарбанызаалак ныҳәак дара рыда имҩаԥысуам. Абри еиҳау зхаҵарагьы ыҟам.
Апроект "Ашәа еицаҳҳәап" (авторцәа Мадина Аргәынԥҳаи Хьыбла Мықәԥҳаи) раԥхьаӡа акәны аԥсуа естрадаҟны ицәырҵит 2013 шықәса рзы. Иара хықәкы хаданы иамаз аԥсуа ашәақәа азыӡырыҩцәа рыларҵәароуп. Авокал-инструменталтә ансамбль "Аԥсны 67" аԥҵан 1967 шықәса рзы. Иахьа ара ашәа рҳәоит: Нодар Саӷариа, Рафаил Гагәлиа, Геннади Бебиа, Аркади Қриа, Лиудмила Гәымԥҳа. Ансамбль арепертуар аҿы иҟоуп 100 инареиҳаны ашәақәа.