Акоронавирус иахырҟьаны аҳәаанырцәтә тәылауаа рзы аԥкрақәа алагалоуп

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Валери Бганба Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҳәаанырцәҟа рныҟәарақәа ааныркыларц, жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа рыҽрылархәреи акомандировкақәеи мап рцәыркларц.

АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ақәҵара инапы аҵаиҩит акоронавирус аҟынтәи ауааԥсыра ршәарҭадаразы аусмҩаԥгатәцҵақәа рзы. Адокумент кьыԥхьуп ахада исаит аҟны.

2020 шықәса мшаԥы 7 рҟынӡа Аԥсны аҵакырахь ралалара аанкылахоит аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи, авизадатә режим ахьҳабжьоу атәылақәа ртәылауаа аламҵакәа. Акарантин инақәыршәаны Урыстәыла атәылауаа рыда егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа Аԥсныҟа рҭалара ԥкхоит. Аамҭала иаанкылоуп аԥсуа визақәа аҳәаанырцәуаа рыҭара.

Адокумент амчра аиуеит 2020 шықәса хәажәкыра 1 инаркны.

Уаанӡа ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба иҳәахьан адунеи зегьы акоронавирус иахьамҽханакуа инамаданы Аԥсны аҳәаақәа рҟны акарантин шаԥҵахо.

Валери Бганба Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҳәаанырцәҟа рныҟәарақәа ааныркыларц, жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа рыҽрылархәреи акомандировкақәеи мап рцәыркларц. Иара агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи Ҭамаз Ҵахнакьиа инапы ианиҵеит акоронавирустә инфекциа Аԥсны ахы цәырнагар, амедицина усзуҩцәа рхымҩаԥгашьа еиҿкаазарц. Адәныҟатәи аусқәа рминистррагьы Аԥсны атәылауаа ирабжьнагеит акоронавирус ахьцәырҵыз атәылақәа имырҭааларц.

Авирус COVID-19 Китаи аҵакыраҿы иахьатәи аамҭазы ирымоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп 78 нызқьҩык инареиҳаны, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 2744-ҩык, рҽырхәышәтәит 32 нызқьҩык. КЖәР анҭыҵ 37 тәыла рҟны авирус ахы днарбахьеит. Ичмазаҩуп ҳәа ишьоуп 2918-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 44-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0