Нури Кəарҷиа: Иван Кортуа аԥсуа культура аиҭарҿиара аус аҟны иџьабаа ӷба изҭаӡом

© Foto / Архивное фотоИван Кортуа
Иван Кортуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа композитор, Қырҭтәылатәи ССРи Аԥснытәи АССРи аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа диижьҭеи иахьа иҵуеит 110 шықәса. Уи игəалашəара аҳаҭыразы Аԥснытəи Ареспубликатə Жəлар рырҿиаратə центр аиҳабы Нури Кəарҷиа дазааҭгылоит иара ирҿиаратə мҩа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Еицырдыруа аԥсуа композитор, иналукааша аҟазара аусзуҩ Кортуа Иван Еснаҭ-иԥа, Аԥсны акультура аҭоурых наӡаӡа ишьҭа ӷəӷəаӡа ианиҵеит. Акыр илша рацəоуп аҟазара аусхк аҿы. Хыԥхьаӡара рацəала ашəақəеи, амузыкатə аԥҵамҭақəеи дравторуп, иара убас аԥсуа жəлар рҿаԥыцтə рҿиамҭақəа реидкылара иазааԥсахьоу ҵарауаҩуп. Аԥснытəи Ареспубликатə Жəлар рырҿиаратə центр аиҳабы Нури Кəарҷиа излаиҳəо ала, Иван Кортуа ихьӡ амырӡразы абар жəашықəсоуп инеиԥынкыланы игəалашəара аҳаҭыразы аусмҩаԥгатəқəа еиҿыркаауеижьҭеи.

"1910 шықəса рзы Лыхны ақыҭан Кортуаа рҭаацəараҿы диит арԥыс Иван Еснаҭ-иԥа. Иара деизҳауан агəырҵҟəыл бзиа иманы, насгьы дшыхəыҷыз икəша-мыкəша иазгəарҭеит аҟыбаҩ бзиа шилаз. Анаҩс, Аҟəаҟа дааргоит аҵарахьы, ашьҭахь ддəықəырҵоит Москватəи аҟазаратə факультет ашҟа. Санкт-Петербург асахьаркыратə академиаҿгьы аҵара иҵон. Уантəи диасуеит Қарҭҟа, аха иҵара далгаанӡа Аԥсныҟа дааргоит, адраматə гəыԥ еиҳабыс дарҭоит", - ҳəа азгəеиҭоит Аԥснытəи Ареспубликатə Жəлар рырҿиаратə центр аиҳабы Нури Кəарҷиа.

Иван Кортуа аамҭаказы Аҟəатəи амузыкатə техникум деиҳабын, напхара аиҭон Аԥсны Жəлар рырҿиаратə ҩны. Ашəа еснагь ажəлар ргəаҵанӡа инеиуеит, ажəытə аамҭа шаҳаҭра азнауеит, аҿатə аамҭа иаҿахəҳəагоуп. Иҟоуп ахьааи агəаҟреи зныԥшуа ашəақəа, иҟоуп аԥсҭазаара абзиабареи агəырӷьареи зныԥшуа ашəақəагьы. Иван Кортуа ажəлар рбаҩхатəра алԥшаареи, аӡыргареи, амырӡреи дрышьҭан, ибзиангьы иқəҿион.

"Аамҭала аԥсуа театр аҿы алитературатə ҟəша напхгара аиҭон. Иван Кортуа аиҿкаара илиршеит Жəлар роркестр. Ус методистк иаҳасаб ала аусура далагоит акультура аҟəшаҿы. Иара иоуп еиҿызкааз аԥсуа быргцəа злахəыз еицырдыруа ашəаҳəаратə акəашаратə етнографиатə ансамбль "Нарҭаа". Уи наҟ-наҟ еицырдыруа иҟалеит, адунеижəларбжьаратəи аицлабраҿы, Ахьтəы павлин иаԥсахеит", - иҳəеит Нури Кəарҷиа.

Ансамбль Нарҭаа - Sputnik Аҧсны
Венгриа зыршанхаз "Нарҭаа", мамзаргьы "Ахьтәы Таташь" аҭоурых

Иван Кортуа авторс дызмаз ашəҟəқəа "Аԥсуа жəлар рашəақəеи рҳəамҭақəеи", "Аԥсуа шəақəеи амузыкатə инструментқəеи", "Аԥсуа быргцəа" шьаҭас ироуит иара инапхгарала еизгаз зымҽхак ҭбааз афольклортə материалқəа. Урҭ бзанҵы еиҭакра рықəымкəа иаанхоит аԥхьаҩ инапаҿы.

"Ииашаҵəҟьаны, ажəлар рыҿцəажəара бзиа ибон, абыргцəа рҳəамҭақəа акыр азҿлымҳара риҭон. Авторс дрымоуп еиуеиԥшым ашəҟəқəа реизга, аԥсуа музыка иадҳəалоу аԥҵамҭақəа имоуп, ишьҭамҭа бзиа ҳзынижьит", - ҳəа азгəеиҭеит Аԥснытəи Ареспубликатə Жəлар рырҿиаратə центр аиҳабы Нури Кəарҷиа.

Иван Кортуа Аџьынџьтəылатə еибашьра ду далахəын. Аԥсадгьыл ахьчара иатəыз афырхаҵаратə ҟазшьақəа илан. Аибашьра адəаҿы иҟан хҭыск, лакəҵас иӷа ихымца данацəцазгьы.

"Аибашьраҿы иибаз-иаҳаз ацəаныррақəа ирылҵшәахеит ашəа "Санчара", Санчаратəи акаҵəараҿы деибашьуан. Иара ианашьан "Ахьтəы иаҵəа" аорден, аҳамҭа ду. Убас еиԥш иҟалеит, ианашьаз аҳамҭа иара дахьчеит аибашьраҿы, аԥсра дацəнархеит. Анемец иҭирҟьаз ахы убасҟан игәы икыдыз убри амедал иақəшəоит, имедал кылнажəеит, аха иара ԥырхага инамҭеит. Иахьа, уи амедал амузеи аҟны иҟоуп, убас иԥсҿыхганы изыҟалеит",-ҳа азгəеиҭоит Нури Кəарҷиа.

Нури Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарҷиа афестиваль "Аԥхьарца" азы: ҳхықәкы наӡеит

Ганрацəалатəи иҟазареи, иуаҩреи, иџьабааи ижəлар рымаҵ аура иазкын. Иԥсадгьыл абзиабареи имилаҭтə культура аизырҳареи ирҿиаратə гəазыҳəарақəа иреиуан.

"Иван Кортуа иҭоурых ашəҟəы дуӡӡагьы ианӡалом. Еицырдыруа ауаажəларратə усзуҩ, ақалақьтə совет аҿы депутатсгьы дыҟан, аполитикагьы дацəыхарамызт. Дахьнаугалакгьы ганрацəала зхы аазырԥшуаз уаҩын. 57 шықəса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит, аха убри аамҭа иалагӡаны акультура аиҭарҿиараҿы, жəлар рмузыкатə маҭəарқəа рарҳəагақəа реиқəырхараҿы, афольклор аизгараҿы илиршаз ӷба иҭаӡом. Иҟазара инарҭбааны иҭҵаазар, уи изкны иҵегьы ашəҟəқəа ҭыжьзар бзиан", - иҳəеит Аԥснытəи Ареспубликатə Жəлар рырҿиаратə центр аиҳабы Нури Кəарҷиа.

Иван Кортуа акультураҿы, аԥсуа ҟазараҿы илагала ду ҳасаб азуны, иара ихьӡ ахуп Аԥснытəи Ареспубликатə Жəлар рырҿиаратə центр, иҭыжьуп ипатреҭ зну аԥошьҭатə марка. Еиҵагыло абиԥарақəа рзы Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа дҿырԥшыганы ахааназгьы даанхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0