Аԥснытәи аусҭҵааҩцәа Урыстәылаҟа ицеит Бжьаниа игәамбзиара зыхҟьаз аилкааразы

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Апрокуратура хадахьы инашьҭуп ашьаусҭҵааразы азин аиуразы жәларбжьаратәи-азинтә документқәа.

АҞӘА, хәажәкыра 4– Sputnik. Хәажәкыра 3 рзы Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааҩцәа Москваҟа амҩа иқәлеит Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа ахәышәтәырҭахь инагара зыхҟьаз амзызқәа рышьақәыргыларазы ҳәа ааицҳауеит ауааԥсыра рнырразы апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

"Хәажәкыра 2, 2020 шықәсазы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапынҵала Аԥсны Апрокуратура хадаҿы иаԥҵан аоператив-ԥшааратә гәыԥ Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа ахәышәтәырҭахь инагара зыхҟьаз аҭҵааразы", - ҳәа иҳәеит иара.

Амҷба иажәақәа рыла, 2019 шықәса рзы Аслан Бжьаниа ахәышәтәырҭа иҭашәара ахҭыс азгьы апроцессуалтә лкаа ҟаҵам макьанагьы аусҭҵаара ахьхыркәшам азы.

Первая краевая Краснодара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иофициалтә диагноз шьақәыргылоуп

Хәажәкыра 4 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылан "Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа ашҳам иҭара Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы имҩаԥысит" ҳәа иҟоу агәаанагаразы УА Апрокуратура хада ашьаус хацнаркырц адҵаҟаҵара ииҭеит.

Бганба ацҳаражәҳәаҩ дазхьеирԥшит Урыстәыла АИХқәак аинформациа шаладырҵәаз акандидат ашҳам иҭан ҳәа.

Иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны, Аԥсны ахадара адҵа ҟарҵоит абарҭ аҭыжьымҭақәа ирымоу аматериалқәа зегьы Аԥсны Апрокуратура хада иарҭарц азы.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0