Аԥсны араионқәа хԥа рҟны абна амцакра ҿыцқәа аарԥшуп

© Foto / МЧС Абхазии Очаги возгораний отмечены в Галском, Гагрском и Гулрыпшком районах
Очаги возгораний отмечены в Галском, Гагрском и Гулрыпшком районах  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи амцакрақәа Аԥсны иазгәаҭан иҳаҩсыз амчыбжь анҵәамҭазы, мышқәак рыла араионқәа зегьы рҟны абылрақәа цәырҵит.

АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Хәажәкыра 9, ашәахьа абначықьқәа амца ахьыркыз аҭыԥқәа хԥа цәырҵит иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Аԥсны АҶА араионтә ҟәшақәа рҟынтәи аиқәырхаҩцәа абылра ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь инеит.

"Абначықьқәа амца ркит Гагра, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал араионқәа рҿы хыџьара. Гал араион аҿы шьыжьнаҵы амцакрақәа ҩба дырцәахьеит. Уаанӡеиԥш Аҟәа араион Аҩада Ешыреи Иашҭхәеи ақыҭақәа рҿы амцакра ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь анеира залшом", - азгәеиҭеит Гындиа.

Ахәаша, хәажәкыра 6 рзы абнабылрақәа ҟалеит хә-раионк рҿы: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы. Урҭ абылрақәа ауаҩы инапы иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит АҶА аҟны.

Аҭагылазаашьа аицәахара зыхҟьаз ауаа рынхарҭақәа рыкәша-мыкәша иҟоу адгьылқәа, аарыхырҭақәа ррыцқьаразы аҳаскьын ҩа амца ахьацрарҵо ауп. Аминистрра ауаа ргәырҽанырҵоит ас еиԥш хымхәыцрала ахымҩаԥгара ишәарҭоу аҭагылазаашьахь икылнагар шалшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0