Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥачлиа Очамчыра араион амцакрақәа рзы: мызкы иҳазхашаз абылтәы мышкала инаҳхит

© Foto / предоставлено Мурманом ПачулияМурман Ԥачлиа
Мурман Ԥачлиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иатәу Очамчыратәи амцарцәаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит арҭ амшқәа рзы иҟаз абылрақәа анхацәа ирнаҭаз аԥхасҭа атәы.
Мурман Очамчыра араион амцакрақәа рзы: мызкы иҳазхашаз абылтәы мышкала иҳаблит

"Изныкымкәа амашьына Мықә ақыҭахь иҳашьҭит. Амцарцәаҩцәа мышкы хынтә ианҭыҵуаз ыҟан. Ашәарҭара ӷәӷәа ыҟан аҩнқәа рганахьалагьы, уахык мацара х-ҩнык еиқәдырхеит. Амца зкыз абнаҟнытә акәша-мыкәша игылаз аҵлақәа рахь ииасит, уантә аҩны иазааигәахо иалагеит. Баслахә, Акәасқьа, Аӡҩыбжьа, Кындыӷ уҳәа қыҭацыԥхьаӡа амашьынақәа ахьымнеиз ыҟам. Лабра аҩны еиқәдырхеит, аха ажәҭра блит. Џьал ақыҭан амандаринаҭра нықәыблаа ицеит. Ари ауаҩы инапы иҟанаҵаз ауп. Ауаа руҭрақәа дрыцқьоит, нас хылаԥшра амҭаӡакәа иаанрыжьуеит. Очамчыра араион аҿоуп еиҳарак абылрақәа ахьыҟаз. Ҳара иҳамоуп хә-машьынак амцарцәагақәа, рыхәбагьы ҭыҵны иҟан. Абылтәазы аиԥҟьара ҳаман, мызкы иҳазхаша мышкала иҳаблит, аҷкәынцәа иҳарҭаз ацхыраара иабзоураны ҳус наҳагӡеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥачлиа.       

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.     

Ажәабжьқәа зегьы
0