Аԥсны аимпорттә тауарқәа рыхә иацлоит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПокупатель в супермаркете
Покупатель в супермаркете - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Роснефть" акциақәа 14% рцәыӡит, "Газпром" — 9,9%, "Лукойл" — 13,4%. Аҵәахырҭатә банк ақьаадқәа 9,3% рыхәԥса леит, ВТБ –7,3%.

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. Амааҭ акаҳара, Аԥсныҟа иаарго аимпорттә тауар ахәԥса шьҭнахуеит 40% рҟынӡа ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аекономист Амра Цәышԥҳа.

"Ҳара амааҭ аҵакыра ҳахьалахәу инамаданы анырра ҳауеит, аиҳаракгьы аимпорттә тауарқәа рганахь ала. Ахәԥсақәа шьҭыҵуеит, урҭ адҳәалахоит амааҭ ахымҩаԥгашьа. Ишцо ицар афатәаалыҵ 20-40 процент ишьҭыҵыр ҟалоит", - лҳәеит лара.

Цәышԥҳа лажәақәа рыла абри аҩыза аекономикатә ҭагылазаашьа аҭыԥ аман 2014 шықәса рзы. Усҟангьы аимпорттә тауарқәа рыхәԥса ҩынтә ихалеит.

Убри аан аекономист иазылыԥхьаӡоит Урыстәыла Аԥсны ианаҭо ацхыраара ари аҩыза аҭагылазаашьа анырра анамҭар ауп ҳәа.

Аныҳәамшқәа раԥхьа анефҭ 30% рыла икаҳаит ОПЕК+ атәылақәа реилаӡара ахышәа-ҵышәа анырзышьақәмыргыла ашьҭахь. Убри аан адоллари еврои ркурс 75 мааҭи 86 мааҭи ихалеит амааҭ аганахьала.

Аҵыхәтәан адоллар 72 иаԥсахахьан 2016 шықәса хәажәкырамзазы, евро 85 мааҭ, иара убри ашықәс жәабранмзазы.

Урыстәылатәи абиржақәа рҿы рыхәԥса каҳаит анефҭи агази реилахәырақәа. Москватәи абиржаҿ асааҭ 10:27 рзы амааҭтә индекс 7,5% икаҳаит 2514 пункт рҟынӡа, адоллартә индекс РТС — 12,6%, 1100 пункт рҟынӡа.

"Роснефть" акциақәа 14% рцәыӡит, "Газпром" — 9,9%, "Лукойл" — 13,4%. Аҵәахырҭатә банк ақьаадқәа 9,3% рыхәԥса леит, ВТБ –7,3%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0