Жәлар реизара адепутатцәа гәыԥҩыки имлашьуази еиԥылеит

© SputnikГолодовку объявили сторонники антикоррупционного законодательства
Голодовку объявили сторонники антикоррупционного законодательства - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа аларгаларц азы амлашьратә акциа мҩаԥызго рыдгыларазы аизара.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik. Иацы, хәажәкыра 11 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы амлашьратә акциа мҩаԥызгоз рахь инеит Апарламент адепутатцәа гәыԥҩык.

Голодовка  - Sputnik Аҧсны
200-ҩык рҟынӡа акоррупциа иаҿагыло акциа иалахәуп

Адепутатцәа: Рауль Лолуа, Лаша Ашәба, Асҭамур Аршба, Гиви Кәарҷиа аҿагыларатә акциа алахәылацәа рахь аҳәара ҟарҵеит амлашьра иаҟәыҵырц, ажәа рырҭеит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа шаларгало азы.

"Уаҵәы изаамҭанытәим асессиа мҩаԥгахоит. Ариашарақәа инашәышьҭыз еилҳаргоит. Аус рыдааулоит. Ҳәарада, аиҳарак ҳадаҳкылоит" - иҳәеит Рауль Лолуа.

Иара иазгәеиҭеит азакәан апроект ԥхьаҟа анагӡара апроблемақәа аиур шалшо аха убри аан агәыӷра ааирԥшит иааиуа анапхгара ҿыц уи апрактикаҿы ахархәара алдыршап ҳәа.

2020 шықәса хәажәкыра 2 рзы хҩык ҳтәылауаа амлашьра иалагеит. Хәажәкыра 9 рзы урҭ ирыцлеит даҽа хҩык. Иахьазы имлашьуеит: Џьансыхә Адлеиба, Асида Кортуаԥҳа, Иван Ачба, Марина Агрԥҳа, Алина Ачԥҳа, Бота Ажьиба.

Дара дҵаны иқәдыргылоит Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларгаларц.

ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара адгылаҩцәа ражәақәа рыла, хәажәкыра 9 рзы 5000 напынҵамҭа еизыргахьан, даҽа 2000 напынҵамҭа атәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟны еизгоуп.

Аԥсныҟа иара убас иааргеит Шәачатәи ҳдиаспораҟынтәи анапынҵамҭақәа шәкы. Анапаҵаҩра хыркәшахар, урҭ зегьы Апарламент ахь инарышьҭуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0