Ажәлар патула еицынхаларц: Гагра араион алхыҩцәа абжьыҭарахь иааиуеит

© Sputnik предоставлено Саидой ЖибаГагра араион аҟны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит
Гагра араион аҟны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхратә закәан инақәыршәаны хәажәкыра 22, ашьыжь асааҭ 08:00 рзы Гагра араион алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аусура иалагеит.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион аҿы, Аԥсны зегь аҟнеиԥш, алхырҭатә ҭыԥқәа аатит асааҭ 08:00 рзы. Аха акомиссиа алахәылацәеи анаԥшыҩцәеи урҭ раартра сааҭқәак шагыз иааихьан. Гагратәи ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа ахԥатәи алхырҭатә ҭыԥ Аҳәынҭқарра Ахада иалхра иадҳәалаз аиҿкааратә усмҩаԥгатәқәа нагӡаны, асааҭ ааба рзы ирыдыркыло иалагеит раԥхьатәи абжьыҭацәа.

"Зегь рыла ҳаиқәшәоуп. Асиақәа кнаҳауп, абиуллетенқәа анаԥшыҩцәа рнапы аҵарбҩит. Ацентртә алхратә комиссиа ҳгәабзиарагьы иазхәыцит. Иаҳзааргеит асабрадақәа, убас ҳнапқәа адезинфекциа злазаҳуаша аспирт злоу аӡқәа. Ашәарҭадара иахылаԥшуа Аҩнуҵҟатәи аусқәеи Аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рзы аминистррақәа русзуҩцәагьы ҭакԥхықәрала руалԥшьа иадгылеит. Агәаанагара сымоуп ишахәҭоу еиԥш, азакәан еиламгакәа абжьыҭара мҩаԥаагоит ҳәа", - азгәалҭеит ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада, ахԥатәи алхырҭатә ҭыԥ ахантәаҩы Нана Сыҷынааԥҳа.

Асааҭ ааба рзы алхырҭатә ҭыԥ ашә шаадыртыз еиԥш абжьыҭара иааихьаз агәаран иқәгылеит. Раԥхьатәи алхыҩцәа дыруаӡәкхеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба. Иара ажәлар дрыдныҳәалеит. Аԥсны аԥеиԥш бзиа шамоугьы агәыӷра ааирԥшит.

Исполняющий обязанности Президента Республики Абхазия Валерий Бганба проголосовал на выборах - Sputnik Аҧсны
Валери Бганба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит

Гагратәи ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хада, ахԥатәи алхырҭатә ҭыԥ аусура ианалага, инеиз раԥхьатәи абжьыҭацәа дреиуан Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьниа.

"Ари амш иаҵанакуа рацәоуп ҳажәлар рзы. Доусы агәыӷрақәа адаҳҳәалоит. Аԥсны ԥхьаҟа ицаларц, иҿиаларц ауп иаҳҭаху. Уаҵәы алхыҩцәа реиҳараҩык рыгәрагара иаԥсахо идаҳныҳәалоит, ҳтәыла Ахада иоуп ҳәа ҳаҭырла ҳизнеиуеит", - ҳәа наҵишьит иара.

Апоетесса Белла Барцыцԥҳа еиҳабык лаҳасабала дныҳәа-ныԥхьо алхырҭатә ҭыԥ ахь дыҩналеит.

"Атама анышәҭуагьы, хьаада ипытӡом, уи здыруа адацқәа роуп. Абри нахыс Аԥсны иабаз азхазааит. Гагра иамоу ахатәы нцәахәы сиашьаԥкуеит, раԥхьатәи аиааира ахьиз Мамзышьха аҵаҟа еснагь амра хааӡа иԥхаларц, ажәлар рҳәоу еиқәшәаны, патула еицынхаларц", - лҳәеит апоетесса.

Гагра араион аҟны сиала рыбжьы арҭараны иҟоуп 25388-ҩык алхыҩцәа.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0