АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа иҟаз алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ибыргәыз еилагарак ыҟаны иазгәаҭамызт ҳәа иҳәеит Аԥсны Иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ Максим Литвинов.
Иара иажәақәа рыла ааҩык анаԥшыҩцәа 40 инарзынаԥшуа алхырҭатә ҭыԥқәа рахь инеины алхрақәа рцашьа иашьклаԥшит.
"Анаԥшыҩцәа иазгәарҭеит абжьыҭара апроцесс аиҿкаашьа бзиа, ауаа рацәа алхрақәа рылахәра. Ҳанаԥшыҩцәа ахьнеилакгьы гәаартыла ирыдыркылон",- иҳәеит Литвинов.
Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак иазгәеиҭеит Урыстәыла агәҭынчымра шазнарҵысуаз Аԥсны аҭыԥ змаз аполитикатә кризис.
"Алхрақәа турк ала иахьымҩаԥысыз агәахәара ду ҳнаҭеит. Ҳтәылақәа еигәылоу тәылоуп. Ҳара даара иаҳҭахуп Аԥсны аҿиара бзиа аиурц. Уажәшьҭа ҳақәгәыӷуеит ауадаҩрақәа зегьы шьҭахьҟа инхап ҳәа. Урыстәыла еснагь ацхыраара иазыхиоуп", - иҳәеит иара.
Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков иҳәеит, алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы асанитартә ԥҟарақәа ишрықәныҟәоз.
Аԥсны ахада еиҭалхра мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Алхратә процесс наԥшыҩцәак рыҳасаб ала иалахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа.
Алхрақәа раан заанаҵтәи адыррақәа рыла акандидат Аслан Бжьаниа 57,22% бжьы иоуит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аполитолог Ҳагба: алхрақәа ҭынч имҩасыр, анаԥшыҩцәа рыҟамзаара учҳартә иҟоуп
-
Аофициалтә еихшьалақәа ҟалаанӡа: алхрақәа рзы еилкаау