Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адәқьан "Кормилица" аиҳабы: афатә аагаразы макьана еиԥҟьара ҳамам

© Foto / Ирма Мерцхулава Адәқьан "Кормилица" аиҳабы: афатә аагаразы макьана еиԥҟьара ҳамам
Адәқьан Кормилица аиҳабы: афатә аагаразы макьана еиԥҟьара ҳамам  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахәаахәҭратә ҭыԥ "Кормилица" аиҳабы Оҭар Гындиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит адәқьан аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, афатә азымхара ыҟоу иҟаму.
Адәқьан "Кормилица" аиҳабы: афатә аагаразы макьана еиԥҟьара ҳамам

"Ауаа амаршруттә транспорт аныҟәара иаҟәыҵуеит ҳәа ажәабжь анраҳа, ишәеит, ақыҭа аҟынтә ирацәаҩны иааит. Атауар макьана иаагоит, инҵәошәа анаҳбалакгьы, ҳашьҭалан ҳаиҭацоит, макьана еиԥҟьара ыҟам. Афатә ахә иацлеит рҳәоит, аха уи еиҳарак уҳәан-сҳәануп. Ҳара ҳадәқьан аҿы ахә акыр иацлазар, уи Урыстәылагьы иацырҵеит ауп, ашәа́́ра ҳалахәаахәҭуам, абжеиҳарак зегьы ахәқәа шыҟац иаанхеит. Адәқьан акәзар, иаркхом, иаҳаркырц ҳгәы иҭам. Ауаа шәоит афатә нҵәар ҳәа, аха иахьазы зегь ҳамоуп. Аҳәааҿы афатә ахыгаразы ауадаҩра ҳәа акгьы ыҟам, акызаҵәык, агәаран рацәоуп, аха уигьы узыцәшәаша акәым. Афатәқәа ҳара ҳадагьы егьырҭ ахәаахәҭратә ҩнқәа рҿгьы ыҟоуп. Инҵәоит ҳәа ауаа ршәара аҭахым", - ҳәа иҳәеит Гындиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.      

Иаҳа инеиҵыху аинформациа шәаҳар шәылшоит аудиоподкаст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0