Акоронавирус лымоуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу ахәышәтәырҭа лҭалашьа шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы Акоординациатә штаб алахәыла, адепутат Алхас Џьынџьал иҳәеит ачымазаҩ адиагноз "акоронавирус" шылзықәдыргылаз. Лара Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭахь инагоу, акоронавирус зцәа иалоу аԥҳәыс Саберио ақыҭа (Папынырхәа - аред.) иҟоу ахәышәтәырҭахь днеит хәажәкыра 29 рзы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Георги Шьониа.

Медицина - Sputnik Аҧсны
Гал араион иқәынхо аԥҳәыс акоронавирус лымоуп ҳәа заанаҵтәи адырра ыҟоуп

Иара иажәақәа рыла, аԥҳәыс Москвантәи дааит, аурыс-аԥсуа ҳәаа дахысны атәыла далалеит. Амҩан лхы ҽеимкәа илбо даналага, ақыҭатә хәышәтәырҭахь днеит.

"Уаҟа лшоура ршәеит, 38 градус ишеиҳаз анырба, Аԥсны анҭыҵҟа диаргарц рыӡбеит. Арантәи амашьынақәа Қырҭтәыла аҵакырахь изцом азы, ЕгрыГЕС аусзуҩцәа Қырҭтәылантә ацхыраара лас амашьына аарыԥхьеит. Лара шьапыла аҳәаа хәбаҟа метра роуп дахьахысыз. Анаҩс амашьынала дыргеит. Сара ари аҭагылазаашьазы адырра сырҭеит лара аҳәаа ахыҵра данаҿыз. Уаанӡа аамҭа ыҟамызт ҳәа сарҳәеит", - еиҭеиҳәеит аҳақьым хада.

Шьониа иажәақәа рыла, лара ара аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аусзуҩцәеи аҭыԥ аҿтәи адәқьан аусзуҩцәеи дырныруан. Хәажәкыра 30 рзы ачымазаҩ ашоура 38 градус лыман, аҳақьымцәа армарагантә гәыҵәкра лымоуп ҳәа азгәарҭеит. Шьониа ишиҳәо ала, ашоура ҳарак лымоуп лара Москва зыҟны дынхоз аԥҳәысгьы. Уигьы ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Валери Бганба идҵала хәажәкыра 14 инаркны Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аркуп ауааԥсыра зегь рзы, ЕгрыГЕС аусзуцәа рзы ада.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0