Гал араион иқәынхо аԥҳәыс акоронавирус лымоуп ҳәа заанаҵтәи адырра ыҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион иқәынхо аԥҳәыс акоронавирустә инфекциа лымоуп ҳәа гәҩарас дрыманы Жәыргьыҭ аклиникақәа руак ахь дҭашәеит ҳәа асоциалтә ҳақәа рҟны аинформациа цәырҵит ашәахьа, хәажәкыра 30 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Жәыргьыҭ аклиникақәа руак иҭашәаз Гал араион иқәынхо аԥҳәыс акоронавирустә чымазара ҿкы лылоуп ҳәа шьақәдырӷәӷәеит, абри атәы Аԥсуа телехәаԥшраҿы ишиашоу ицо аефир аҿы иҳәеит Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы акоординациатә хеилак алахәыла, Апарламент адепутат Алхас Џьынџьал.

"Заанаҵтәи адыррақәа рыла, сара уи маӡазар сҭахым, иҟалҵаз анализ шьақәырӷәӷәахеит. Уи еиҭагәаҳҭоит. Иахьантәарак, уи анализ алҵшәа ҳауаанӡа, имҩаԥаагеит уи дзыҽцаауаз ауаа рыԥшаара, Аԥсныҟа дшааз, дшалҵыз аилкаара уҳәа ирызкыз аусмҩаԥгатәқәа", - иҳәеит Џьынџьал.

Иара иажәақәа рыла, знапы иану аусбарҭақәа ирыԥшааит лара дзыҿцаауаз ауаа, урҭ рыԥхьакреи, мамзаргьы ахәышәтәырҭа рҭаҵареи уҳәа рганахьала иақәнагоу ашьаҿақәа нарыгӡоит.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Sputnik акорреспондент данлыҿцәажәоз ари аҭагылазаашьазы ииашахаҭоу аинформациа шлымам лҳәеит.

Акоронавирус аламырҵәаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0