АҞӘА, мшаԥымза 1 – Sputnik. Атәылаҿы акоменданттә сааҭ алагаланы амҩақәа ктәуп ҳәа ахәҭаны иԥхьаӡоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр.
"Аԥҟарақәа ҳарӷәӷәароуп, аиҭанеиааира аанаҳкылароуп, ауаа рыҩны итәарц. Ашәарҭара ыҟоуп, убри ҳаиааирц азы иахәҭоу зегь ҟаҵатәуп, ҳауаажәлар ҳҳәатәы харҵароуп. Акоменданттә сааҭ алаҳгалоит, амцарцәагатә машьынақәеи, амилициауааи, ацхыраара ласы амашьынақәеи рыда егьырҭ зегьы рзы. Егьырахь аиҭанеиааи зегь аанкылатәуп", – иҳәеит Смыр мшаԥы 1 азы ажурналистцәа аинтервиу рыҭауа.
Иара иажәақәы рыла, акоменданттә сааҭ уахынлеиԥш ҽынлагьы иҟазаауеит. Абри атәы ауаа официалла ирылаҳәахоит хара имгакәа иҳәеит Смыр.
"Ҳара ҳамчқәа азхоит атәыла зехьынџьара амҩақәа ҳкырц, абри атәы ауааԥсыра хазы ирылаҳәахоит. Ҳара хықәкыс иҳамоуп атранспорт аанкылара, ашьаҟауаагьы амҩақәа ирнымзарц", – иҳәеит Раули Смыр.
Иара адырра ҟаиҵеит апостқәа аҭыԥқәа зегьы рҿы ишыргылахо, Аҟәа уахьналсуа, Гагра уахьналало, Бзыԥҭа уҳәа уахь иналаҵаны.
"Аныҟәара аанкылатәуп, сара ҳауаажәлар рахь аҳәара ҟасҵоит доусы рыҩны иҟазарц. Ацхыраара ласы рҭаххар, амашьына уа иахьыҟоу ирызнеиуеит", – ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.
Ахаша мшаԥымза 1 азы Маҷаратәи апост аҟны амашьынарныҟәцаҩцәа зегьы ргәаҭара иалагеит.
Арратә госпиталь аҳақьым Алиас Џьынџьал иажәақәа рыла, апост аҟны иҷаԥшьоит хҩык амедиаҳәшьцәеи ҳақьымки, дара иахәҭоу маҭәашьарла еиқәыршәоуп. Амашьынақәа зегь ааныркылоит, иақәтәоу ауаа ршоура ршәоит, зшоура халаз дырбозар, ичымазара аҭагылазаашьақәа ҭырҵаауеит, иахьахәҭоу ҭелла адырра рырҭоит.
Амедперсонал ашьыжь асааҭ 08:00 инаркны рмаҵура иаҵагылоит, уахынлагьы рҭыԥ аҿы иҟоуп.
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба хәажәкыра 31 рзы Гал араион аҟны акоменданттә сааҭ алагаларазы адҵа инапы аҵаиҩит, асааҭ 20:00 инаркны 07:00 рҟынӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Иреиӷьу ахәшә – аҩны атәароуп: Кан Кәарҷиа аҳҭнықалақь ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит