Арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәеи атест-системақәеи аархәеит Агәабзиарахьчара аминистрразы

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрԥҳақәа аҳауарҭарсгақәеи атест-системақәеи аархәеит Агәабзиарахьчара аминистрразы
Арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәеи атест-системақәеи аархәеит Агәабзиарахьчара аминистрразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
50 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра иҷыдоу аԥхьаӡамҭахь ииаган аҭыԥантәии аҳәаанырцәтәии амеценатцәа рҟынтәи акоронавирус аҿагыларазы иаҭаху иҷыдоу амаругақәеи, аҽыхьчагақәеи, атест-системақәеи раахәаразы.

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа ҩажәи акы, хә-нызқь тест-системақәа, аҽыхьчагақәа аахәан Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрразы анаплакыҩцәеи ахазхаҿқәеи еизыргаз аԥарақәа рыла, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб алахәыла, аидгыла "Ҳара ҳаидгылоуп" ахаҭарнак Борис Барцыц.

"Иахьатәи аамҭазы еизгоуп 49 миллион мааҭ инареиҳаны аԥара. Урҭ рыла иаахәоуп арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа 21, атест-системақәа хә-нызқь цыра, аҽыхьчагатә костиумқәа, амедицинатә сабрадақәа, аинтенсивтә терапиеи аԥсеиқәырхарҭақәеи рзы аныхгатә материал рацәаны. Иааиуа аԥара зегьы шааиуеи урҭ рныхшьеи шәрыцклаԥшыр шәылшоит аидгыла "Ҳара ҳаидгылоуп" асаит аҟны", - иҳәеит Барцыц.

Иаархәаз апартиа Аԥсныҟа иаауеит етапла - мшаԥы 6 инарнкы 10-нӡа, зегьы ишазгәарҭахьаз еиԥш иманшәалахар. Уи Аԥсныҟа аагара ауадаҩрақәа ацуп иҳәеит Барцыц,  еиҳарак уи зыдҳәалоу Урыстәылантәи амедицинатә хархәагақәа алганы ргара азин ахьыҟам, зхыԥхьаӡара маҷу амаругақәа рыԥшаара ахьыуадаҩу, аексперттә еиқәшаҳаҭра абжьаҵара ахьаҭаху, атәыла алгаразы азин ахьалхтәу уҳәа. Арҭ ауадаҩрақәа рылҵраҟны ацхыраара ҟарҵоит атәыла аиҳабыреи Урыстәыла инхо ҳџьынџьуааи.  

Капельница  - Sputnik Аҧсны
Анаплакыҩцәа рԥарала Агәабзиарахьчара аминистрра аҿаҵақәа рыхәԥса шәоуп

"Арҭ аԥарақәа реиҳа иаҳҭаху ахырхарҭахь ишьҭызарц азы ҳара Москватәи аԥсуа диаспореи ҳареи аусутә еимадара ҳабжьаҳҵеит, иаҳҭаху зегьы рсиа шьақәыргыланы еимаадеит. Аԥарақәа ҳашьҭуеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб, Агәабзиарахьчара аминистрра, абизнесуааи аидгыла "Ҳара ҳаидгылоуп" ахаҭарнакцәеи зегьы ақәыршаҳаҭны", - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.

Барцыц ацхыраара ҟазҵо зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәоит, иара убас атәыла ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵоит аҳақьымцәа иҟарҵо абжьагарақәа ирықәныҟәарц, аҩны иахьынӡауа идәылымҵларц, ауаа рацәа ахьыҟоу имнеиларц.

Хәажәкыра 26 рзы Аԥсны анаплакыҩцәа ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иԥылеит. Урҭ Аԥсны акоронавирустә инфекциа COVID-2019 атәылаҟны алаҵәаразы иҟоу ашәарҭара иалацәажәеит. Анаҩс анаплакыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥ иаԥырҵеит "Ҳара ҳаидгылоуп" захьӡу аплатформа, уа изҭаху зегьы игәарҭар рылшоит Аԥсны акоронавирус аҿагыларазы иаларгало аԥаратә хархәагақәа рааишьеи рныхшьеи.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны акоронавирус зыхьыз ҳәа аӡәгьы дшьақәыргылам. 

Акоронавирус алаҵәаразы иҟоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0