Иахьа Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥган хәажәкыра 22 рзы. Аԥыжәара игеит Аслан Бжьаниа, иара изы рыбжьы рҭиит 56,5% алхыҩцәа.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Иахьа Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит. Ауснагӡатә хацыркхоит асааҭ 12:00 рзы Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы.

Аԥсны иалху ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы ҳәа иҳәоит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыҵниа.

Здание парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа аинаугурациа ашьҭахь идепутаттә мандат шьҭеиҵоит

Ауснагӡатә иалахәхоит Апарламент адепутатцәа, Алхратә комиссиа хада алахәылацәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы.

Уаанӡа атәыла ахада Апарламенти Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа ҭоуба иуан. Аха 2014 шықәса рзы иаԥҵан Аконституциатә ӡбарҭа, уи аахыс ахада иҭоубоура мҩаԥысуеит Апарламенти Аконституциатә ӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа.

Ишьақәыргылоу апроцедура инақәыршәаны, иалху ахада ҭоуба шьҭеиҵоит, уи ашьҭахь Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо уи инапаҿы ииркуеит аҳәынҭқарратә символқәа – амҳәыр, аштандарт, алабашьа, аҳәа.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Алхрақәа рҟны аиааира игеит Аслан Бжьаниа, иара изы иарҭеит 56,5% абжьқәа. Адгәыр Арӡынба иоуит 35,42% бжьы, Леонид Ӡаԥшьба – 2,22%, зегьы ирҿагыланы – 1,75%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0