Аслан Бжьаниа аинаугурациа ашьҭахь идепутаттә мандат шьҭеиҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание парламента Абхазии
Здание парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 22 рзы имҩаԥысыз Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны аиааира игеит Аоппозициатә блок аԥхьагыла, Жәлар реизара адепутат Аслан Бжьаниа.

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахадас иалху Аоппозициатә блок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа идепутаттә мандат шьҭеиҵоит аинаугурациа аамышьҭахь.

Инаугурация  - Sputnik Аҧсны
Ҿыц иалху Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара арыцхә алкаауп

Жәлар реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа иажәақәа рыла, Бжьаниа официалла ахада имаҵурахьы даннеилак аамышьҭахь, 2017 шықәсазы Апарламенттә алхрақәа раан иара дахьалхыз 31-тәи аокруг аҟны аиҭалхрақәа рылаҳәахоит.

"Аслан Бжьаниа итәы еилкаауп. Атәыла ахадас далхуп. Азакәан ишаҳәо ала, аамҭак ашьҭахь иара дахьалхыз аҭыԥ аҟын аиҭалхрақәа рылаҳҳәароуп. Уи иара иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь акәхоит, идепутаттә ҭыԥ ааныжьны Аԥсны ахада инапынҵақәа ихахьы ианигалак", – ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Апарамент ахантәаҩы иациҵеит, иҵегь иҭацәхо адепутаттә ҭыԥқәагьы ҟалар шалшо. Избан акәзар Бжьаниа хәажәкыра 24 рзы ипресс-конференциаҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла аԥыза-министрс дшеиҭо уажәы Жәлар реизара адепутатс иҟоу Александр Анқәаб.

"Еиҭалхтәхо адепутатцәа иҵегь ҟалар ауеит. Аӡәы ҳәа уажәнатә дҳаԥхьаӡар ауеит Александр Анқәаб. Даҽа ҩыџьа-хҩы адепутатцәа анагӡаратә мчрахьы ииасыр ҟалап ҳәа сгәы иаанагоит. Шаҟа ҭыԥ ҭацәуа анеилкаахалак, Апарламент иалкаау аокругқәа рҟны аиҭалхрақәа рыланаҳәоит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, хәажәкыра 22 рзы. Алхрақәа рылҵшәақәа рыла, аиааира игеит Аоппозициатә блок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа. Иара иоуит 56% инареиҳаны абжьқәа.

Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуеит АКХ аҵыхәтәантәи алкаақәа анрыланаҳәа аҽны инаркны 30 мшы рышьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0