Аслан Бжьаниа Валери Бганба ҭабуп ҳәа иеиҳәеит

© Foto / Официальный сайт президента Республики Абхазия Президент Республики Абхазия Аслан Бжания провёл встречу с Премьер-министром страны Валерием Бганба
Президент Республики Абхазия Аслан Бжания провёл встречу с Премьер-министром страны Валерием Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Валери Бганба Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дышцоз азы арзаҳал аниҩы инаркны иахьанӡа Аԥсны ахада инапынҵақәа наигӡон.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь атәыла аԥыза-министр Валери Бганба дидикылеит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Аиԥылараан ирылацәажәан анагӡаратә мчра аусура, ареспубликаҿы асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа, акоронавирус атәылаҿ аларҵәара алмыршара уҳәа азҵаарақәа.

"Аицәажәара хыркәшо, атәыла ахада аиҳабыра рхада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аминистрцәа реилазаара аусура аиҿкааразы, алхрақәа рымҩаԥгаразы инанагӡаз аусуразы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥыза-министр Валери Бганба Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дышцоз азы арзаҳал аниҩы инаркны иахьанӡа Аԥсны ахада инапынҵақәа наигӡон.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рынагӡара далагеит аҭоуба анышьҭеиҵа ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0