АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иаҭаразы аусԥҟа инапы аҵаҩит.
"Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс даҭоуп Дмитри Дбар",- абри атәы аанацҳауеит Атәыла ахада иофициалтә саит.
Дбар Дмитри Сергеи-иԥа диит рашәарамза 5, 1984 шықәсазы Кескемеҭ ақалақь, Венгриа.
Занааҭла декономиступ. 2005 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзураҟны амаҵура дахысуан.
2009-2014 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзураҟны аус иуан.
2017 шықәсарзы далхын Аԥсны Жәлар реизара адепутатс.
2019 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭкарра ахада иалхразы Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩс икандидатура ықәгылан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аслан Бжьаниа Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура шьақәирӷәӷәеит