"Адистанциатә ҵара": ААУ аҟны аҵарашықәс апроблемақәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАГУ
АГУ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы ауснагӡатәқәа анрыдыркыла ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа реиҳараҩык "адистанциатә ҵарахьы" ииаргеит.

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵаратә процесс ианалагои астудентцәа харалатәи рҵараҵара иацу ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҵаратә хәҭазы аректор ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа.

"Иахьа аректорат мҩаԥысит. Акоронавирус инадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа, астудентцәа "рдистанциатә ҵара" аформа иаҳнаҭаз алҵшәақәа ирылацәажәан. Ҳәарада, ирылацәажәан ԥхьаҟатәи апланқәагьы. Ҳара лаҵара 15 рзы аусура ахацыркра ҳазыхиоуп. Раԥхьа иргылан ҳзызхәыцуа ҳастудентцәа ршәарҭадароуп. Ари аус аҿы гхак аҟаҵара азин ҳамам", - иҳәеит аректор ихаҭыԥуаҩ.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы ипроблема хаданы иҟоу астудентцәа-аушьҭымҭацәа роуп. Урҭ реиҳараҩык адипломтәи амагистертәи усумҭақәа аздырхиахьеит. Аха акарантинтә ԥкырақәа аԥыхымхар, аквалификациатә усумҭақәа рыхьчара аҿҳәара инахатәхоит.

Гурам Амкуаб - Sputnik Аҧсны
Арадио
Амқәаб астудентцәа онлаинла рҵаразы: арҵаҩцәагьы усҟак ҳнапаҿы иааҳамгац, аха ҳаҿуп

"Ипроблемоу – аушьҭымҭацәа рызҵаароуп. Егьырҭ акурсқәа рҟынтәи астудентцәа изхьымӡаз ԥхьаҟазы ихадырҭәаар рылшозар, аушьҭымҭацәа даҽа режимк рымоуп. Иахьа адеканцәа иазгәарҭеит аушьҭымҭацәа реиҳараҩык адипломтә усумҭақәа шдырмазеихьоу. Адипломтә усумҭақәа рыхьчара хымԥада имҩаԥгахоит, аха аҿҳәара инаханы", - иҳәеит Маланӡиа.

ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иҳәеит иахьа аилацәажәараан афакультетқәа рдеканцәа "адистанциатә ҵара" алҵшәақәа ртәы шеиҭарҳәаз.

"Иазгәаҭатәуп еиуеиԥшым аформақәа ахархәара шрыҭаз: онлаин-лекциақәа, аҳасабырбақәа хаҭала аус рыдулара. Астудентцәа асеиԥш рҵаратә процесс мҩаԥысуеижьҭеи мызкы еиҳауп. Ҳуниверситет адунеи егьырҭ ауниверситетқәа жәпакы реиԥш ари аҩыза аҭагылазаашьа иазыҟаҵамызт. Астудентцәа зегьы ари аҵаратә форма иадҳаԥхьалеит ҳҳәар ииашахом, аха дисциплинақәак рҟны ицәгьамкәа алҵшәақәа ҳауит", - иҳәеит Виктор Маланӡиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0