Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Зыԥсҭазаара ганрацəала еиларсыз, зхатə гьама змаз аҟаза, аскульптор Гиви Смыр диит лаҵарамза 9, 1945 шықəса рзы. Дхəыҷаахыс аԥсабара бзиа ибон, уи аԥшӡарақəа ԥхыӡла иҭихуан, анаҩс лабҿаба аԥсы рхеиҵон. Илаз аҟыбаҩи агəаӷьреи ирыбзоураны, 16 шықəса дшырҭагылаз, ашаха ицырхырааны, ишырҳəо еиԥш, ҵа змам адгьыл иԥшааит. Иара ибзоураны, 1961 шықəса рзы адунеи аҟны шəагазагала аҩбатəи аҭыԥ аанызкылоз Афонҿыцтəи аҳаԥы аартын. Иҷыдоу амыругақəа умамкəа аҳаԥы аҵахь албаара уадаҩын, ԥыҭрак анаҩс Гиви Смыр уахь ицылбааит аспелеологцəа. Иԥсҭазаара аҵыхəтəантəи ашықəсқəа рҟынӡа аспелеологиатə усқəеи адгьылаҵаҟатəи аԥсҭазаара аҭҵаареи инапы рылакын. Аԥсны адгьылҵакыраҿы имҩаԥысуаз археологиатə ԥшаарақəа ихы рылаирхəуан.
Аҩыза изы ажəа иҳəоит, гəыблыла дигəалаиршəоит асахьаҭыхҩы Нугзар Логəуа.
"Гиви Смыр, еицырдыруа асахьаҭыхҩы, Аԥсны Афырхаҵа, ҳџьынџьтəылатə еибашьра ахы инаркны аҵыхəанӡа иалсыз ауаҩы ихцəажəара даара иуадаҩуп. Сышқəыԥшӡаз иареи сареи ҳаибадырит, усҟан Аҟəатəи асахьаркыратə ҵараиурҭаҟны аҵара сҵон. Сҩызцəа гəыԥҩыки сареи ҳаицны лассы-лассы Афон ҿыц ҳаҭаауан асахьаҭыхра ҳəа, апрактика уа ҳахысуан. Иара даара иԥханы ҳидикылон, зны-зынла иара иҿгьы ҳаԥхьалон. Ҳара ҳқəыԥшқəан усҟан, рацəак иҳаздыруамызт афилософиа, аԥсуара аҵакы нагӡаны. Иара абарҭқəа зегьы хьаас иман, далацəажəон, иҳаиҭаз рацəоуп уи аганахьала", - игəалашəарақəа ҳацеиҩишеит Нугзар Логəуа.
Гиви Смыр дышқəыҧшӡаз ахаҳəи амҿи аус рыдиулон, инапы иҵихуаз зегьы аҧсы рхеиҵон, аҧсуа цəа рыҟəнын. Иара убас, шьахəла иҭихуан асахьақəа. Исахьақəа рцəыргақəҵақəа мҩаҧысхьеит Аҧснеиҧш уи анҭыҵгьы.
"Аспортсменк еиҧш убас дыҕəҕəан маха-шьахала, убри ҳаргьы иҳалаиааӡон, агəабзиара дацклаҧшуан. Иара инарҵауланы ихəыцуаз филосафын. Сара исгəалашəоит, усҟан Асовет аамҭазы ирацəаҩын аҧсшьаҩцəа Афон Ҿыц иаҭаауаз. Урҭ рахьтə еиҳараҩык Гиви иҿы имнеикəа ицоз уаҩ дыҟамызт. Иҩны акəша-мыкəша зегьы амузеи иаҩызан, ирҿиамҭақəа рыла ирхҩан, ахаҳəлых еиҳарак аус адиулон аскульптура аҿы",-иҳəеит Нугзар Лагəуа.
Иԥсҭазаара цəаҳəа ҟаҧшьны иагəылсуаз акакəын Афон ҿыц иахьаҵанакуа зегьынџьара аҭоурыхтəи акультуратəи баҟақəа реиқəырхара. Уи азы иҟан амлашьра анаԥшьигахьазгьы. Илиршахьаз акыр ирацəан, убарҭ иреиуоуп Анаҟəаԥиатəи абааш аиҭашьақəыргылара, уахь уназго амҩа арҽеира, Афонҿыцтəи аӡхыҽҽаҿы акультуратə центр аргылара, Афонҿыцтəи аҳаԥы аспелеологцəа рзал аҟны аконцерттə зал аиҿкаара уҳəа, арҭқəа зегьы Гиви Смыр зышьақəыргылара илиршаз ауп.
"Ишдыру еиԥш, Гиви Смыр деицырдыруа дызлаҟалаз Афон ҿыц аҳаԥы анаадыртыз ашықəсқəа рзоуп. Иахьа, Апсны зегьы ҳзызгəыдуу Афонҿыцтəи аҳаԥы аарта зыбзоурахаз иара иоуп, уи аԥшаара шыҟалазгьы акыр аинтерс аҵоуп. СССР аспелеологцəа, Қырҭтəылаа алархəны, хыхьынтə ҵаҟа акылҵəара ала 80 метра раԥхьа илбааз иара иоуп. Агəаӷьра злаз аԥсыуа ҷкəынан, дпатриот дуун", - ҳəа азгəеиҭоит Логəуа.
Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага аԥхьатəи амшқəа инадыркны, Гиви Смыр бџьаршьҭыхла иԥсадгьыл ихьчон, абаталион напхгара аиҭон. Дахьыҟазаалакгьы, инапы злакыз аусқəа зегьы рҟны иааирԥшуан аԥсҭазаара иланаҵаз аҟəыӷара, ахымҩаԥгара, аиҿкаара.
"Ҳара асахьаҭыхыҩцəа усҟантəи аамҭазы иҿарацəаз, анаҩс Гиви Смыри ҳареи иҵегьы ҳаиҩызцəахоит, акыр ҳаизааигəан иареи сареи. Даара лассы-лассгьы сиҭаалон аҵыхəтəантəи ашықəсқəа рзгьы, ҳаицəажəалон. Иубаратəы иҟан игəабзиара шыуашəшəыраз, уи еиҳарак изыруашəшəыраз ҳəа сгəы иаанаго амзызқəа рацəоуп, аха Аԥсны иҟаз аҭагылазаашьа ауп. Ауаа рыхдырра ҿыц аҽаԥсахит, аиҭакрақəа ҟалеит иара дзышьцылаз иидыруаз ала акəымкəа. Убри даара хьаас иман", - иҳəоит Нугзар Логəуа.
Изларҳəо ала, Гиви Смыр ихазы мышкгьы дымхəыцӡацызт, дзызхəыцуаз ҳажəлар ркультура, рҭоурых, рҟазара аӡыргара акəын.
"Иџьабаа рацəан, иихəыцуаз ҵаулан Аԥсны Афырхаҵа. Ииашаҵəҟьаны, зегь рыла дфырхаҵан, ус дагьаанхоит ҳəа сгəы иаанагоит ҳара ҳҭоурых аҿы", - ҳəа азгəеиҭоит Нугзар Логəуа.
Гиви Смыр, Афонҿыцтəи аҳаԥы напхгаҩыс дарҭеит 2004 шықəса рзы, иԥсҭазаара аҵыхəтəантəи амшқəа рҟынӡа уи амаҵзураҿы дыҟан. 72 шықəса дшырҭагылаз идунеи иԥсахит.
Зыжəлари зыԥсадгьыли рымаҵ аураҿы зхы иамеигӡаз, рҿахəы зҳəоз, ркультура ӡырызгоз Гиви Смыр ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатəи аҩаӡара. Иҟаиҵашаз рацəан, ииҳəашаз акрыҟан, аха илахьынҵа убас еиԥш ицныҟəеит, игəҭакқəа зегьы рынагӡара дзахьымӡеит. Аԥсуа хаҵа, аԥсуаҵасла иааӡаз, доуҳала акыр дҳаракын, идунеихəаԥшышьа ҭбаан, илаԥш ахара инаӡон. Гиви Смыр иичаԥаз ихьӡ лаша Аԥсны аҭоурых наунагӡа ианхалоит.